00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ахашшааратә коллегиа Роланд Жьиба иус еиҭахәаԥшуеит

CC0 / / Весы Фемиды, наручники и судейский молоток
Весы Фемиды, наручники и судейский молоток - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса лаҵарамза 8 рзы Ахашшааратә коллегиа аилатәараҿ Роланд Жьиба иус еиҭахәаԥшуеит.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik. 2018 шықәса хәажәкыра 23 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭаҟны иахәаԥшын 1974 шықәса рзы ииз, Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2, ахәҭаҷ 1 инарықәыршәаны ахара зыдҵо Жьиба Роланд Капитон-иԥа иус.

Наручники. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Роланд Жьиба 15 шықәса иқәырҵеит

Роланд Жьиба ицәгьоурақәа рзы ахара идҵан 15 шықәса ҭакрыла ихигарц аӡбра рыдыркылеит.

Уажәы, 2018 шықәса лаҵарамза 8 рзы, аӡбаҩ Ада Касланӡиаԥҳа зхантәаҩра луа Ахашшааратә коллегиа аилатәараҿ Роланд Жьиба иус еиҭахәаԥшраны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа апресс-маҵзура.

"Адукат игәаанагарала ахарахаҵара ҵаҵӷәыс иаҭан ииашамыз ашаҳаҭрақәа. Убри инадҳәаланы аӡбратә акт азакәаншьаҭа амам, иагьиашам ҳәа иԥхьаӡоит, аҳәарагьы ҟаиҵеит ахашшааратә ӡбарҭа Роланд Жьиба ицәгьоура ахьышьақәырӷәӷәам инамаданы иганахь ала аус аанкылазарц", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Роланд Жьиба ахарадҵа идҵан Беслан Кәыҵниа ишьразы, изакәанымкәа абџьар амазааразы, аныҟәгаразы. Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аӡбаҩ Мимоза Цәышԥҳа зхантәаҩыс дыҟаз Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа азыӡба аднакылеит.

Аҟәа инхоз Беслан Кәыҵниа иԥсыбаҩ ԥшаан 2017 шықәса ажьырныҳәа 1 азы, Очамчыра араион иахьаҵанакуаз абнараҿы. Ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас ирымаз Роланд Жьиба иԥшаара хацыркын.

2017 шықәса лаҵарамза 5 рзы Роланд Жьиба даанкыланы абахҭахь днаган. Ашьаусҭҵаара ахәаԥшразы инашьҭын Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0