Москватәи аԥшатлакә аԥсыҭбарақәа ацуп

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПоследствия урагана в Москве. Архивное фото
Последствия урагана в Москве. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асабшаҽны Москва амш бааԥсхеит иаалырҟьаны. Асааҭ 16 рнаҩс аԥшатлакә хылеит, ақәаршҩы леиит.

АҞӘА, мшаԥы 23— Sputnik. Асабшаҽны Москва амш бааԥсхеит иаалырҟьаны. Асааҭ 16 рнаҩс аԥшатлакә хылеит, ақәаршҩы леиит. Аԥшатлакә аҵысраан ааха зауз аӡӷаб дҭахеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Абри атәы иҩит Сергеи Собианин Twitter аҿы.

"Зҭагылазаашьа уадаҩыз аӡӷаб аҳақьымцәа дырзеиқәмырхеит. Гәалсра дула лҭаацәа срыдашшылоит", — ҳәа иҩуеит иара.

Москва агәабзиарахьчара Адепартамент адыррақәа рыла аурҭ иахҟьаны ааха роуит 17-ҩык ауааԥсыра, урҭ рҟынтәи 14-ҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп.

Шәкыла аҵлақәа шьаҭанкыла иҵыҵит. Ақалақь амаҵзура ҷыдақәа амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра нап аларкит.

Иҟоуп иҭахаз Москва амҵангьы.

Ацентр "Фобос" адыррақәа рыла амшцәгьа мышкы-ҩымш рышьҭахь иҭышәынтәалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0