Захарова: ақырҭуа елита аԥсуааи ауаԥсцәеи рнырра рҭахым

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗахарова: РФ имеет право на зеркальные меры к американским СМИ
Захарова: РФ имеет право на зеркальные меры к американским СМИ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова аҳәамҭа ҟалҵеит "Қарҭ аԥсуааи ауаԥсцәеи ишахәҭоу еиԥш рыҿцәажәареи рнырреи ахьылымшо зхаранаҵо Урыстәыла ауп" ҳәа.

АҞӘА, мшаԥы 23 — Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова аҳәамҭа ҟалҵеит "Қарҭ аԥсуааи ауаԥсцәеи ишахәҭоу еиԥш рыҿцәажәареи рнырреи ахьылымшо зхаранаҵо Урыстәыла ауп. Ауаԥсцәеи аԥсуааи рыҿцәажәара аҭахымзаара Қырҭтәыла аполитикатә класс ашьа-ада иалаҵәаны иҟоуп" ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аиашаьареи абзиабареи ирызку ажәақәа ирыҵаҵәахуп ауаԥсцәеи аԥсуааи рыҿцәажәара аҭахымзаара. Урҭ рахь ацәымӷра Қырҭтәыла аполитикатә класс ашьа-ада иалаҵәаны иҟоуп", — лҳәеит ателеканал "Дождь" аинтервиу азҭаз Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.

Ҿырԥштәысгьы иаалгеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыжәларқәа иалырхыз рхадара "аоккупациатә режим" ҳәа ахьырхырҳәаауа.

"Ԥхьаҟахьы шьаҿак" ҳәа зыхьыӡҵаны қарҭаа аус здырулаз адокумент аҿы акәзар Уаԥстәыла "Цхинвалтәи арегион" ҳәоуп ишахцәажәо", — ҳәа азгәалҭоит лара.

Иара убри аан қарҭаа ирымҳәар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟоуп аԥсуааи ауаԥсқәеи Қырҭтәыла иатәылауааны рхы шырымшьо, усеиԥш аҟаларагьы шырҭахым.

Лара лгәаанагарала ас шакәу азхаҵара ицәырнагоит гәыӷрақәак– Қарҭ мышкызны иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьаҵәҟьа рыдрымкылар ада ԥсыхәа рымамкәа ишыҟало азы.

"Қырҭтәыла иагәылацәаны иҟоуп ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа ҩба: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи. Қарҭаа заҟа иласны абри аилкаара рылшо аҟара дара рзы еиӷьхоит". — лҳәеит Захарова.

Ажәабжьқәа зегьы
0