Аҟәа иргәаладыршәоит Османтәи аимпериаҿ инхоз аерманцәа рнырҵәара амш

© Sputnik Бадрак АвидзбаДень геноцида армян
День геноцида армян - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи ахьынӡанаӡааӡо иқәынхо аерманцәа мшаԥымза 24 аҽны иргәаладыршәоит 1915 шықәса рзы Османтәи аимпериаҿ инхоз аерманцәа рнырҵәара амш.

АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Мшаԥымза 24 рзы Аҟәа иргәаладыршәоит Османтәи аимпериаҿ инхоз аерманцәа рнырҵәара амш.

Аерман школ №9 аҟны имҩаԥган ацәыргақәҵа. Афотосахьақәа иаадырԥшуан арыцҳара ду. Араҟа ицәырган агеноцид азхазҵаз атәылақәа рбираҟқәа, ирыԥхьон ажәеинраалақәа, еиҭарҳәон абри амш аҭоурых, иҭахаз ргәалашәара ахьӡала иадыркуан ацәашьқәа.

© Sputnik Бадрак АвидзбаДень геноцида армян
День геноцида армян - Sputnik Аҧсны
1/6
День геноцида армян
© Sputnik Бадрак АвидзбаДень геноцида армян
День геноцида армян - Sputnik Аҧсны
2/6
День геноцида армян
© Sputnik Бадрак АвидзбаДень геноцида армян
День геноцида армян - Sputnik Аҧсны
3/6
День геноцида армян
© Sputnik Бадрак АвидзбаДень геноцида армян
День геноцида армян - Sputnik Аҧсны
4/6
День геноцида армян
© Sputnik Бадрак АвидзбаДень геноцида армян
День геноцида армян - Sputnik Аҧсны
5/6
День геноцида армян
© Sputnik Бадрак АвидзбаДень геноцида армян
День геноцида армян - Sputnik Аҧсны
6/6
День геноцида армян
1/6
День геноцида армян
2/6
День геноцида армян
3/6
День геноцида армян
4/6
День геноцида армян
5/6
День геноцида армян
6/6
День геноцида армян

 

"Ари амш аерман жәлар рҭоурых аҟны акрызҵазкуа мшны иҟоуп, илахьеиқәроуп. Абри атема иазкны имҩаԥаагоит акласстә сааҭқәа. Абиԥарақәа инеимда иаагоит иҟаз шыҟаҵәҟьаз аҭоурых. Сара схәыҷгьы иахьа изеиҭасҳәеит ижәлар зықәшәаз арыцҳара. Амилаҭ зегьы ирҿагыло ацәгьоура ахашҭра ҟалаӡом", — лҳәеит аҭоурых арҵаҩы Аделина Кеиан.

Ареспубликаҿ иҟоу аерман школқәа зегьы рҟны имҩаԥысуеит агәалашәаратә урокқәа.

"Ҳара арҭ амш еиқәаҵәақәа ахаангьы иҳазхаршҭуам. Ҳара иаҳҭахуп усеиԥш ахаангьы ҟалашьа амоурц. Ҳара ҳзы мацара акәым адунеи ажәларқәа рҟынтәи аӡәгьы уи аҩыза иақәымшәарц ҳҭахуп", — лҳәеит ашкол аҵаҩы Илона Дерлиан.

Адунеи ахы-аҵыхәа инхо аерманцәа зегьы мшаԥымза 24 рзы иргәаладыршәоит 1915 шықәса рзы аҭыԥ зауз арыцҳара ду, шәышықәса раԥхьа миллионки бжаки рҟынӡа аерман милаҭ уахыки-ҽнаки рыла ишнырҵәаз.

Абри амш азгәаҭахоит гагратәи ауахәамаҿгьы, имҩаԥгахоит анцәа имҵаныҳәара.

1914 шықәса рзы адунеи аҟны инхон 4,1 миллионҩык аерманцәа. 2,1 миллионҩык нхон Османтәи аимпериа иахьаҵанакуаз, 1,7 миллион — Урыстәыла, 100 000-ҩык —Персиа, 200 000-ҩык егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны.

1915–1923 шықәсқәа рзы Османтәи аимпериаҿы инырҵәан 1,5 миллионҩык, иблын 60 рҟынӡа қалақь, 2,5 нызқь қыҭа. Миллионҩык рҟынӡа рынхарақәа ирхыҵит.

Агеноцид афакт азхарҵахьеит Урыстәыла, Франциа, Швеицариа, Польша уҳәа 30 рҟынӡа ҳәынҭқарра.

Ажәабжьқәа зегьы
0