00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҳаразиа: Аԥснынтәи Ҭырқәтәыла аҵара иҭоу астудентцәеи ҳареи ҳаиԥылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВадим Харазия
Вадим Харазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла имҩаԥиго аусура атәы.

АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭоу ҳастудентцәа аԥсуаа рыбзазашьа дырбан ҳәа.

Уроки абхазского языка - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи арҵаҩцәа Ҭырқәтәыла ҳџьынџьуаа аԥсшәа рырҵара иалагеит

"Аԥснынтәи Ҭырқәтәыла аҵара иҭоу астудентцәеи ҳареи аиԥылара ҳаман. Дареи ҳареи еснагь ҳаиныруеит. Мшаԥы 21 рзы астудентцәа аԥсуа қыҭахь иҳаманы ҳцеит. Рылала идҳарбеит аҭыԥантәи аԥсуаа рыбзазашьа зеиԥшроу", — иҳәеит иара.

Ҳаразиа иазгәеиҭеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭырқәтәыла иҟазаара аҵакы аманы дшахәаԥшуа.

"Аминистр Анталиа имҩаԥысуаз афорум далахәын. Уи ашьҭахь Стамбулҟа днеиит. Изеиҿаҳкааит амедицинатә усҳәарҭақәа рҿы аиԥыларақәа. Уажәазы ицоит аиҿцәажәарақәа аԥснытәи ауаа ара амедицинатә цхыраара рыҭара азҵаара", — иҳәеит иара.

Вадим Ҳаразиа иҳәеит лаҵарамза 6 рзы Ҭырқәтәылаҟа днеираны дшыҟоу жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза еидкыла "Алашара" анапхгаҩы Мусса Екзеков.

"Аделегациа далахәхоит Инар Гыцба. Иара аекономика аминистрраҟны аинвестициақәа рызҵаара инапы иануп. Араҟа имҩаԥгахоит абизнесуааи ҳџьынџьуааи рԥылара", — иҳәоит Ҳаразиа.

Вадим Ҳаразиа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакс дҟаҵан 2017 шықәса ԥхынгәы 17 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0