Урыстәылатәи ашәаҳәаҩ Аԥсны аконцерт мҩаԥылгоит

© Фото : concert-starАнна Боронина
Анна Боронина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәаҳәаҩ Анна Боронина, агәыԥ "23:50" уаанӡатәи асолистка Аԥсны даҭааит, аинформациатә маҵзура Sputnik дсасны даҭан.

АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik. Урыстәылатәи ашәаҳәаҩ Анна Боронина, агәыԥ "23:50" уаанӡатәи асолистка, илыгәҭакуп Аԥсны агәыҳалалратә концерти амастер-класси рымҩаԥгара. Абри атәы лаар еиҭалҳәеит радио Sputnik аинтервиу аналҭоз.

"Ҳара ҳгәыԥ иагәҭакуп агәыҳалалратә концерт амҩаԥгареи амастер-класс ахәыҷқәа рзеиҿкаареи. Уаанӡа ҳалахәын Шәача имҩаԥысуаз жәларбжьаартәи ахәыҷтәы мода амчыбжь, уахьынтәи ауп ҳахьаауа", — лҳәеит лара.

Ашәаҳәаҩ иазгәалҭеит асеиԥш агәыҳалалратә концертқәа лырҿиаратә гәыԥ адунеи атәылақәа жәпакы рҿы ишымҩаԥырго, Аԥсны шылбаз еиԥш аԥшӡара дшыхнахыз. Иагьшылҭаххаз иахьазы зеиҿкаараз аилацәажәарақәа мҩаԥысуа апроект "Anna Boronina Group" хымԥада абра амҩаԥгара.

Боронина еиҭалҳәеит ԥшьышықәса анылхыҵуаз инаркны ахореографиа лнапы шалаку, актиортә ҵара шлымоу, уажәы арҵара аусгьы дшаҿу.

Агәыҳалалратә концерт иалахәхоит адизаинерцәа, иддырбараны иҟоуп амодақәа. Аконцерт амҩаԥгара арыцхә макьаназ ишьақәырӷәӷәам, аха 2018 шықәса аԥхынраз иҟалап ҳәа иазыԥхьагәаҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0