Аерман музыка афестиваль мҩаԥысит Гагра

© SputnikФестиваль армянской музыки
Фестиваль армянской музыки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәсазтәи афестиваль азкын Сардараптәи аибашьра 100-шықәса ахыҵреи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аАиааира 25-шықәса ахыҵреи.

ГАГРА, лаҵара 2— Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Есышықәсеиԥш сынтәагьы афестиваль иаҭааит атәыла анапхгара, атәыла акәакьҭақәа зегьы рҟынтәи аерман милаҭ рхаҭарнакцәа иара убасгьы асасцәа.

Афестиваль еиҿикааит Гагра араион аерманцәа руаԥшь ахантәаҩы Хачик Минасиан, Шәачатәи анаплакҩы Сергеи Минасиани аибашьар аветеран Алик Минасиан зхадараҿы дыҟоу агәыҳалалратә фонд "Амшени" рыцхыраарала.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Алаҳаӡы имҩаҧысыз аерман музыка Афестиваль аартра даҭааит.

Аҳәынҭқарра Ахада итрадицианы иҟалаз аерман музыка Афестиваль аҿы иеизаз дрыдныҳәало дықәгылеит.

"Акыр иаҧсоу аҩызцәа, ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа! Сара сзы гәадуроуп ас еиҧш аныҳәақәа рымҩаҧгара ахьҳалшо. Традицианы иҟалеит ари Афестиваль амҩаҧгара, сара сызгьы традицианы иҟалеит уи аҭаара. Ари алшара ҳнаҭоит ҳажәлар еиҳа инарҭбааны рдырразы. Аерманцәа зегьы рацәак ҵуам, аҭоурых аҿы итрагедианы иҟалаз ахҭыс азгәарҭон. Аҧсуа жәлар рызгьы ихьанҭан урҭ аамҭақәа, уи еилкааны Аҧсны иқәынхо аерманцәа абри аганахьала адгылара рырҭеит, рхьаа рыцеиҩыршеит. Абри арыцҳара ҳхаҳгеит, ҳаиқәхеит – милаҭрацәала иеилоу Аҧсны жәлар зегьы. Сара зегьы ирдыруазарц сҭахуп: ҳаидгылароуп ҳара ҳаиқәзырхо. Ҳанеидгыла зегьы ҳариааиуеит. Ҳара иаҳуалуп ҳаиҳабацәа ҳара ҳҟынӡа иааргаз еиқәырханы ҿыц игыло абиҧарақәа рымадара. Ишәыдысныҳәалоит афестиваль аартра", — иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

Гагра араион аерманцәа рхеилак ахантәаҩы Хачик Минасиан иқәгылараҟны иазгәеиҭеит афестиваль аҵак ду аманы ишыҟоу амилаҭтә кәультура аизҳазыӷьареи аҿиареи рзы.

Афестиваль аконцерт иалахәын еиуеиԥшым арҿиаратә коллективқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0