Аоппозициа ақәгыларақәа ирыхҟьаны Еревантәи аҳаиртә баӷәаза аркуп

© Sputnik / Karen YepremyanАэропорт "Звартноц"
Аэропорт Звартноц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еревантәи аҳаиртә баӷәазахь узго атрасса M5 аҿы шәкыла автомашьынақәа амҩа иангылоуп.

АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik. Аоппозициатә депутат Никола Пашиниан знапхгараҿы дыҟоу аҿагыларатә акциа алахәылацәа аҳҭнықалақь аҳаиртә баӷәаза "Звартноц" ахь уназго амҩаду ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Армения.

Пресс-конференция Н. Пашиняна в Ереване - Sputnik Аҧсны
Никол Пашиниан Аԥыза-министр ҳәа икандидатура ықәыргылоуп

Аоппозициатә депутат Никола Пашиниан знапхгараҿы дыҟоу аҿагыларатә акциа алахәылацәа аҳҭнықалақь аҳаиртә баӷәаза "Звартноц". Акциа хацыркын аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 8:10 рзы.

Уи иахҟьаны Еревантәи аҳаиртә баӷәазахь узго атрасса M5 аҿы шәкыла автомашьынақәа амҩа иангылоуп. Аполициа аусзуҩцәа ракәзар аҭагылазаашьа аҭыԥ ақәҵара нап аларкит.

Лаҵара 1 азы апарламенттә фракциа "Елк" ахада Никол Пашиниан ааԥхьара ҟаиҵеит аҳаиртә баӷәазеи ақалақь амҩадуқәеи ркырц, астуденттә қәгыларақәа мҩаԥгахарц.

Аоппозициатә депутат Никола Пашиниан знапхгараҿы дыҟоу аҿагыларатә акциа алахәылацәа аҳҭнықалақь аҳаиртә баӷәаза "Звартноц" ахь уназго амҩаду ааныркылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0