Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба: Қьалашьбеи ихаан еиԥш иахьагьы амч дуқәа ҳрыбжьагылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Авидзба
Аслан Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зыԥсадгьыл ахьыԥшымра иазааԥсаз, зыжәлар реидкылара иашьҭаз, зыхшыҩ ҵарыз аӡә иаҳасабала аҭоурых аҟны ишьҭа аанижьит Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба. Уи дҭахеижьҭеи иахьа 210 шықәса ҵит. Қьалашьбеи Чачба ихаҭара, уи иааникылоз аҭыԥ арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дазааҭгылеит аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аҩӡба Қьалашьбеи Чачба изкны

"Қьалашьбеи Аԥсны напхгара анеиҭа 70-тәи ашықәсқәа а-ХVIII-тәи ашәышықәсазы аԥсуаа аӡәыкны иҟамызт. Қьалышьбеи иашьҭахь инеизгьы уи ауадаҩра рызцәырҵит. Самырзаҟанаа хазы ихәыцуан, убас Дал Ҵабалаа, Ахҷыԥсаа, Аибӷаа. Аԥсны акзаара рыцәмаҷын. Қьалашьбеи аԥсуаа реидкылараҟны илшара даара идууп, убри аан агеополитика атәы ҳҳәом. Аԥсуаа аӡәыкны ианыҟам ринтерес хьчашьа амам. Амч дуқәа ҩба анеиҿагыло амаҷ анрыбжьахалак, ҳара ишҳахьыз еиԥш, иахьагьы ус ҳаҟоуп, аиаша аԥшаара уадаҩуп.  Амч дуқәа руак уадгылар егьи гәаар ҟалоит. Қьалашьбеи иҷкәынцәа ҩыџьа хазы-хаз ахырхарҭақәа ахьриҭаз Ҭырқәтәыла ма  Урыстәыла идырны иҟаиҵазшәа збоит. Уи ҭаацәарак аҩныҵаҟа уахәаԥшуазар итрагедиоуп, аха аполитика аганахьала ахара хәыцроуп, стратегиоуп. Қьалашьбеи илиршаз атәы ҳхәозар ижәлар реидкыларазы иҟаиҵаз рацәоуп, агеополитика аганахьала Урыстәыла ахьалихаз иахьагьы еимактәуп. Аҩ-мчыкгьы дара рхы акәын изышьҭаз. Убри ҳхамшҭуазароуп, аҭоурых аҿы иҟалац аныҟало ыҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Ажәабжьқәа зегьы
0