Аминистрцәа ҿыцқәа алхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров.
Кабинет министров. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иалазарц азы 13-ҩык аминистрцәа ркандидатурақәа адгылара риҭахьеит мшаԥы 30 раахыс.

АҞӘА, лаҵара 3– Sputnik. Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит Аусԥҟа Аԥсны ақыҭанхамҩеи, акурортқәеи, аџьатә еиҿкаареи рзы аминистрцәа раҭаразы.

Кабинет министров республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Аминистрцәа реилазаараҿ аиҭакрақәа: анапы рыҵаҩуп еиуеиԥшым аусԥҟақәа

Аџьеи, аусураҭареи, асоциалтә еиқәыршәареи рзы министрс дааныжьуп Руслан Аџьба.

Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрс дааныжьуп 2016 шықәса раахыс аус зуа Даур Ҭарба.

2015 шықәса раахыс Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистрс иҟаз Авҭандил Гарцкиа иҭыԥ аҿы дааныжьуп.

Аминистрцәа Реилазаара аиҿкаара наӡазы атәыла Ахада инапы аҵеиҩыроуп Агәабзиарахьчара аминистри аҳәынҭеилакқәа рхадацәеи рзы Аусԥҟа.

Ҳаџьымба иара убасгьы иҭыԥ аҿы даанижьит Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Беслан Ҵнариа.

Ажәабжьқәа зегьы
0