Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аԥҳазоу: раԥхьатәи сышәҟәы Кумф Ломиа ибзоурала амҩа ылнахит

© Sputnik / Томас ТхайцукВахтанг Абхазоу
Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу апоет Кумф Ломиа аԥсуа литератураҟны илагала дазааҭгыло иазгәеиҭеит уи иџьабаа шрыдыз ирацәаҩны аԥсуа поетцәа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аԥҳазоу Кумф Ломиа изкны

"Кумф Ломиа 27 шықәса  инеиԥынкыланы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҟны аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. Иара иҩымҭақәеи иареи мацара еизынхо ус иҟамызт. Асовет Еидгыла ахьынӡанаӡааӡоз ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи аҵарауааи Аԥсныҟа иаауан аԥсшьара анаҩсгьы арҿиара ус азы. Усҟан асахьаркыратә литература аиҭагаразы асовет ҳәынҭқарра актәи аҭыԥ ааннакылон. Уи иабзораны аԥсуа милаҭтә литература еиуеиԥшым атәылақәа рҟны аԥхьаҩцәа ирдыруа иҟалеит. Абри аус аҟны Кумф Шьрын-иԥа Ломиа аиҿкааратә зҵаарақәа рҿы илшоз рацәаӡан, иџьабаа здым ԥсыуа  шәҟәыҩҩык дыҟам. Ауаҩы иаҳаҭыр баны аамсҭашәала дизнеиуан. Уи зегьы ирылшом. Абри иҟазшьа ҷыда иалан иара. Уи ирҿиара инавыргыланы ахә ршьоит иахьа дызгәалашәо. Раԥхьатәи сышәҟәы иара ибзоураны амҩа ылнахит", — ҳәа азггәеиҭеит Аԥҳазоу.

Апоет Кумф Ломиа диижьҭеи сынтәа 90 шықәса ҵит. Агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥган Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0