Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Миқаа "Пиноккио" иазкны: абалети аԥсуа кәашареи еинаалеит

© Sputnik Адгур Микаа
Адгур Микаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә ансамбль артист Адгәыр Миқаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Сербиа рықәгылара атәы.
"Хра злоу ахҭысқәа": Миқаа "Пиноккио" иазкны

"Аԥхьа ҳхахьы иаҳзаагомызт абалети аԥсуа кәашареи еидкылашьас иаиуа, аха ҳақәгылара иаҳнарбеит, иара иатәызшәа, ианааланы иҟалар шалшо. Аԥсуа кәашара зынза даҽакала ҳазнеиуан, аха уа ҳаннеи, ианаҳба, даҽа цәаныррак ҳазцәырҵит. Даара иаҳгәаԥханы ҳақәгылеит. Амелодиа ахаҭа ара иҳаман, жәамш раҟара ҳҽазыҟаҳҵон. Аха Сербиа ҳақәгылара, аоркест аныхәмаруа акәашара, уи зынӡаск даҽакуп, даара иԥшӡахеит", — азгәеиҭеит Миқаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Мшаԥы 28-30 рзы Сербиа акалақь Нови-Сад  Амилаҭтә театр аҟны  аиталиан шәҟәыҩҩы Карло Коллоди иажәабжькәа рыла абалет "Пиноккио" қәҿиара дула аԥхьарбара мҩаԥысит. Уи абалет азы амузыка аԥиҵеит Нодар Ҷанба. Аспектакль иалахәын убасгьы Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә ансамбль артистцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0