АҞӘА, лаҵара 7 – Sputnik. Афонд "Ашана" Ахәыҷқәа рыхьчара Амш иазнархиоит агәыҳалалратә лотареиа, лҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор инапынҵақәа назыгӡо Мактина Џьынџьалԥҳа.
"Ҳара алотареиеи агәыҳалалратә акциеи азҳархиоит. Адәқьан "Харзаман" аҿы имҩаԥгахоит алотареиа, аҩбатәи акциа мҩаԥгахоит аресторан "Абургер" аҿы. Еизгахо аԥарақәа зегьы ахәыҷ чымазцәа рыхәышәтәра иазырхахоит. Ҵыԥх имҩаԥаагаз арҭ акциақәа қәҿиарала ианымҩаԥыс иҳаӡбеит есышықәса имҩаԥаагаларц. Абри амш аҽны аресторан аҿы акартошлых рҭилоит еицырдыруа артистцәа, ашәаҳәаҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа", — ҳәа еиҭалҳәоит Мактина Џьынџьалԥҳа.
Мактина Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит ареспублика ауааԥсыра активла арҭ акциақәа рҽышрыладырхәуа.
Адәқьан "Харзаман" аҭааҩцәа 5000 мааҭ еиҳаны атауар аазхәо ирыҭахоит алотареиақәа. Адәқьан афеидаҟынтәи 5% Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" иахыԥхьаӡалахоит.