Ҳашыг: ажурналистцәа рзы аиндаҭлараҿ ԥкырак ҟалом

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Хашиг
Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла лаҵара 7 рзы ирыланаҳәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку аиндаҭлара шымҩаԥысуа атәы.

АҞӘА, лаҵара 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла лаҵара 7 рзы ирыланаҳәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку аиндаҭлара шымҩаԥысуа атәы. Ажурналистцәа рзы аиндаҭлараҿ ԥкырак ҟалом атемақәа ралхрази афырхацәа рыхцәажәарази ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.

"Ҳара аӡәгьы иабжьаагом иҟаиҵаша. Дасу игәы иаҳәо афырхаҵа даликаауеит. Аибашьра афырхацәа ирызку аматериал аочерк ҟазшьа аманы иҟазароуп", — иҳәеит иара.

Аиҳарак ирызхьаԥшраны иҟоуп уаанӡа иныҭкааны иҭҵаамыз мамзаргьы имаҷны изыхцәажәаз атемақәа.

Аиндаҭлара алахәылацәа рыхцәажәар алшоит аибашьра аамҭазы имҩаԥысуаз аиҿцәажәара апроцессқәа, Мрагыларатәи афронт аҿы имҩаԥыргоз агуманитартә акциақәа, амедицинатә маҵзура аусура, атыл аҭоурых.

Аноминациақәа ҩба ҟалоит: "Ателехәаԥшреи" "Акьыԥхь, арадио, аинформациатә маҵзурақәеи". Аԥхьахәқәа хәба шьақәыргылоуп.

Аидгыла ахантәаҩы абжьагара ҟаиҵеит аиндаҭлара алахәылацәа азхьаԥшра рырҭарц Мрагыларатәии Гәымсҭатәии афронтқәа рҟынтәи ахҭысқәа, уаанӡа ирзымдыруаз аҭоурыхқәа ирылацәажәарц, еиҳаракгьы хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ирызку.

Ажиури аилазаара иалахәхоит АИХ аҟны аԥышәа змоу ажурналистцәа, ауаажәларратәии аветерантәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Аиндаҭларахь аусумҭақәа нашьҭхар алшоит 2018 шықәса ԥхынҷкәын 30 рҟынӡа. Иалкаахо аԥхьахәқәа ранашьахоит Аԥсны АИХқәа Рымш, жәабран 24 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0