Аҟәа амҩатә машәыр ҟалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГАИ
ГАИ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи авокзал аҿаԥхьа лаҵара 10 рзы амҩатә машәыр ҟалеит.

АҞӘА, лаҵара 11— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амашьына Nissan Patrol ВАЗ-2106 иасит Аҟәатәи авокзал аҿаԥхьа ҳәа адырра ҟанаҵеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

"1949 шықәса рзы ииз Џьарназ Хьыбба зыԥсҟы икыз амашьына Nissan Patrol ВАЗ-2106 иасит Аҟәатәи авокзал аҿаԥхьа", — ҳәа аҳәоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Амашьынақәа реиҿасра ашьҭахь Nissan Patrol иаԥхьанеиуаз амҩахь имҩахыҵны амашьына Toyota M-II иасит.

"Абарҭқәа зегь рышьҭахь амашьына Nissan Patrol афымцашьаҟа иасны иаангылеит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Амашьына Nissan Patrol аԥсҟы зкыз Џьарназ Хьыбба Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган.

Ажәабжьқәа зегьы
0