Атәыла Ахада германиантәи аделегациа идикылеит

© Фото : Пресс-служба президента АбхазииПрезидент Республики Абхазия Рауль Хаджимба принял делегацию из Федеративной Республики Германия во главе с официальным представителем Торгово-промышленной палаты Республики Абхазия в ФРГ Вольфгангом Матцке
Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба принял делегацию из Федеративной Республики Германия во главе с официальным представителем Торгово-промышленной палаты Республики Абхазия в ФРГ Вольфгангом Матцке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 10 рзы аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Германиа Афедеративтә Республикаҟны иҟоу ААП аофициалтә хаҭарнак Вольфганг Матцке дызхагылаз аделегациа идикылеит.

АҞӘА, лаҵара 11– Sputnik. Лаҵарамза 10 рзы аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Германиа Афедеративтә Республикаҟны иҟоу ААП аофициалтә хаҭарнак Вольфганг Матцке дызхагылаз аделегациа идикылеит ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра иазку ииашоу аинформациа жәларбжьаратәи ауаажәларра рҟынӡа анагара аҵак ду шамоу.

"Аус ҳацызур зҭаху Европатәи аидгыла атәылақәееи, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ҳареи иҳабжьало аизыҟазаашьақәа ртәы ҳҳәозар, ҳара ҳабжьы раҳар ҳҭахуп. Ииашоу аинформациа рымазар ҳҭахуп Аҧсны азы. Ҳара имариамыз аибашьреи уи ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭеи ҳхаҳгеит. Шәара ижәдыруеит ҳәа сгәы иаанагоит аблокада ҳанҭакызгьы ишыҟаз. Ахеиқәырхара аамҭа ҳҭагылан. Иахьа даҽа ҭагылазаашьоуп иҟоу. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит аекономикатә зҵаарақәа рганахьала аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ахьалыршахаз, иааҳакәыршаны иҟоу аҳәынҭқаррақәа еиҳа еиҕьны ҳаилыркаауа иахьалагаз. Ақырҭуа ган Аҧсны зхы иақәиҭым тәылоушәа аинформациа ашьҭра рыҽшазыршәогьы, аус ҳацызурц зҭаху ауаа уи иацәшәом ҳәа сгәы иаанагоит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳусеицура иацхраауа зегьы", — иҳәеит Ахада.

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа аҳәынҭқарра Ахада аделегациа алахәцәа илырдырит, иагьизеиҭалҳәеит ААП аофициалтә хаҭарнак Германиа имҩаҧиго аусура атәы.

"Иахьа агәра ганы иуҳәартә иҟоуп, ҳаҭыр зқәу Вольфганг Матцке имҩаҧиго аусура Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аҿаҧхьа иқәнаргыло ахықәкқәеи ауснагӡатәқәеи инарықәыршәаны, алҵшәа бзиақәа амоуп ҳәа. Уи атәы аҳәоит акыр шықәса раахыс имҩаҧгаз аусура, Аҧсны Аҳәынҭқарра аалыҵ ацәыргара, иеиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа рыҽрылархәра убрахь иналаҵаны, ҷыдала, иеицырдыруа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа "Амчыбжь иаҵәа" аҟны. Ари зегьы алыршахеит ҳофициалтә хаҭарнак имҩаҧиго аусура иабзоураны", — иазгәалҭеит Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Аделегациа иалахәыз аинвестор Микаель Голдшмидт далацәажәеит игәҭакқәеи Аҧсны шидикылази ртәы.

© Фото : Пресс-служба президента АбхазииОфициальный представитель Торгово-промышленной палаты Республики Абхазия в ФРГ Вольфганг Матцке на встрече с президентом Республики Абхазия Раулем Хаджимба
Официальный представитель Торгово-промышленной палаты Республики Абхазия в ФРГ Вольфганг Матцке на встрече с президентом Республики Абхазия Раулем Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Официальный представитель Торгово-промышленной палаты Республики Абхазия в ФРГ Вольфганг Матцке на встрече с президентом Республики Абхазия Раулем Хаджимба

"Сара хәынтәуп Аҧсныҟа саауеижьҭеи. Ари атәыла хәыҷы иссиру тәылоуп. Сгәы иаанагоит иара есааира еиҕьхаларц азы ацхыраара ҳалшап ҳәа. Гәахәароуп сара сзы ари аделегациа сахьалахәу. Иҭабуп иҟашәҵаз адкыларазы. Аҧсны аинвестициа алагалара азгәаҳҭоит, уи Аҧсны аекономикатә ҿиара иацхраап ҳәа ҳгәы иаанагоит", — иазгәеиҭеит иара.

Германиа иҟоу Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аофициалтә хаҭарнак аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит адкыларазы, иагьианаишьеит агәаларшәагатә ҳамҭа.

"Иҭабуп, аамҭа ҧшааны ҳахьшәыдышәкылаз. Гәахәароуп ҳара ҳзы Аҧсны ҳаҟазаара, иара убас Берлин имҩаҧаҳго аусура зҿлымҳара ахьашәҭо. Ҳара Шәара шәзы аҳамҭа ҳамоуп. Ари Берлин ақалақь иадыргоуп, аҧсуеи анемец бираҟи зну амшә", — иҳәеит Вольфганг Матцке.

Германиа Афедеративтә Республикаҟны иҟоу ААП аофициалтә хаҭарнакра аартын 2017 шықәса цәыббрамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0