Чрыгба: Владислав Арӡынба ахетт текстқәа имарианы дрыԥхьон

© Sputnik / Томас ТхайцукВячеслав Чирикба
Вячеслав Чирикба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диит 1945 шықәса лаҵара 14 рзы.

АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Владислав Арӡынба ахетт текстқәа имарианы дрыԥхьон, иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз афилологиатә наукақәа рдоктор Виачеслав Чрыгба.

 "Иара убасгьы иҭиҵаауан ахетттә закәанқәа, ахеттә дипломатиа. Убри аганахь ала аусумҭа ҭбаа имоуп", — иҳәоит Чрыгба.

Возложение цветов к могиле В.Г. Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Беиаԥҳа аԥхьагылаҩ Владислав Арӡынба изкны: ажәыларахь ҳанцоз ҳаиныҳәон

 Анаука адунеиаҿ Владислав Арӡынба деицырдыруеит хеттологк иҳасаб ала, ахетт бызшәа аҭҵааҩык иакәны иҳәеит аҵарауаҩ.

 "Владислав Арӡынба ахетт бызшәахь имаз абзиабара дацхрааит иналукааша аԥсуа етнограф, аҭоурыхҭҵааҩ Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа. Шьалуа Денис-иԥа иоуп Владислав Арӡынба ахеттологиа аҭҵаарахьы ихы зырхаз. Агхагьы имыхьит. Арӡынба абри аусхк аҟны алагаламҭа ду ҟаиҵеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит аҵарауаҩ.

 Арӡынба аспирантураҿ аҵара аниҵоз напхгаҩыс диоуит еицырдыруа аҵарауаҩ, ахеттолог, акультуролог Виачеслав Иванов.

 "Владислав арҵаҩцәа нагақәа иқәын: Шалуа Иналиԥа, Гьаргь Ӡиӡариа, Виачеслав Иванов уҳәа иналукааша аҟазауаа рԥышәа имардон, хылаԥшра изыруан", — ҳәа еиҭеиҳәоит Виачеслав Чрыгба.

 Иҵара даналга ашьҭахь Владислав Арӡынба аус иуан СССР Анаукақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара Аинститут аҟны.

 "Владислав дравторуп Мрагылара аҭоурых иазку аизгақәа. Иналукааша иусумҭақәа иреиуоуп идоктортә диссертациа "Ажәытә Анатолиа аритуалқәеи амифқәеи". Ари ашәҟәы дарбанызаалак Мрагылараҭҵааҩ изы ихымԥадатәиу шәҟәны иҟоуп", — иҳәоит Чрыгба.

 Арӡынба иусумҭақәа ҵаҵӷәыс ирымоуп аԥхьатә хыҵхырҭақәа. Иара иколлегацәа, Мрагылараҭҵааҩцәа даара дрымадан, аматериал рацәа еизганы иман. Ахетт текстқәа ракәзар дрыԥхьон, еиҭеигон.

 "Владислав адунеи иазааиртит ахетт дипломатиа, азакәанқәа, аритуалқәа уҳәа ирыҵаркуаз аҿыцрақәа рацәаны. Аԥхьатә хыҵхырҭақәа шьаҭас измаз иусумҭақәа хьаҳәа-ԥаҳәак рнубааломызт. Владислав изныкымкәа Ҭырқәтәыла, Англиа аконференциақәа дрылахәхахьан. Абри аусхк аганахь ала иналукааша аҵарауааи иареи еиныруан", — ҳәа еиҭеиҳәоит аҵарауаҩ.
 Виачеслав Чрыгба аизгәеиҭеит Владислав Арӡынба ганрацәала аҿиара змаз, аҟыбаҩ ҷыда злаз уаҩны дшыҟаз.

Владислав Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Ҳашыг: Владислав Арӡынба иҟаиҵоз зегьы шьаҭас иаман аԥсуара

 "Иара ихықәкы акариера акәӡамызт. Дызҿызаалак аус аҿы ииҭахыз аиаша акәын. Аполитикаҿ аума, анаукаҿ аума, ар рхадак еиԥш иҟазаараҿы аума иус ныҭкааны иҟаиҵон. Аха зегь раԥхьа иргыланы иара дҵарауаҩын. Аԥсны Ахадас даныҟала ашьҭахьгьы изныкымкәа ҳаиқәшәалон, ҳаицәажәон. Еснагь игәцаракны дазҵаауан анаукаҿ иҟоу аҭагылазаашьа", — иҳәоит Чрыгба.

Владислав Арӡынба ицхыраарала иаԥҵан Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа, еиуеиԥшым егьырҭ Аԥсназы акрызҵазкуаз аусҳәарҭақәа.

 "Иналукааша политикны дшыҟазгьы, игәаҵаҿ, иҟазшьала иара дҵарауаҩын. Адунеи аҟны еицырдыруеит ахеттологиа иатәу иусумҭақәа жәпакы. Сгәы иаанагоит ҳара уи ҳаизыгәдуны ҳаҟазаароуп ҳәа, ҳилаҽхәалароуп ҳәа. Инапы назлеикыз иарбан усзаалак ламысцқьала дазнеиуан, инеигӡон. Иахьатәи еиҵагыло аҿар рзы хымԥада дҿырԥшыгоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Виачеслав Чрыгба.

Владислав Арӡынба – Аԥсны раԥхьатәи Ахада, аҭоурыхдырыҩ, афилолог, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс далхын 1990 шықәса рзы. 1994 шықәса абҵара 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас далырхуеит. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы аҽазныкгьы далырхуеит атәыла Ахадас.

Иԥсҭазаара далҵуеит 2010 шықәса хәажәкыра 4 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0