Абоксиорцәа ҿарацәа Волгоград имҩаԥысуаз аиндаҭлараҟны аԥхьахәқәа ргеит

© Depositphotos.com / Sergey NivensБоксерские перчатки на стене
Боксерские перчатки на стене - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абокс азы Аладатәи Афедералтә округ аиндаҭлара мҩаԥысуан 2018 шықәса лаҵара 15-20 рзы.

АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи абоксиорцәа ҿарацәа Волгоград имҩаԥысуаз аиндаҭлараҟынтәи Аԥсныҟа иааргеит хьтәы медалки аџьаз иалху амедалқәа ҩбеи. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит абокс азы Аԥсны ақәыԥштә команда азыҟаҵаҩ Иракли Ҵурҵумиа.

Тренировки Батала Чежия и Игоря Адлейба - Sputnik Аҧсны
Игор Адлеиба Аладатәи Афедералтә округ абокс азы аиндаҭлараҿ аиааира игеит

"Иахьа ихыркәшахеит абокс азы Аладатәи Афедералтә округ аҟны аиндаҭларақәа. Ҳаспортсменцәа–Игор Адлеибеи Сабри Джанбеи ахԥатәи аҭыԥқәа ргеит, аџьаз иалху амедалқәа ҳзааргеит, Џьидориан Артур актәи аҭыԥ ааникылеит, ахьы медал ааигеит. Уажәшьҭа иара иоуеит алшара Тиумен имҩаԥысраны иҟоу Урыстәыла аиндаҭлара далахәхарц", — иҳәеит абокс азы Аладатәи Афедералтә округ аиндаҭлара мҩаԥысуан 2018 шықәса лаҵара 15-20 рзы.

Абокс азы Аладатәи Афедералтә округ аиндаҭлара мҩаԥысуан 2018 шықәса лаҵара 15-20 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0