Рауль Ҳаџьымба Ҷлоу ақыҭа даҭааит

© Фото : Пресс-служба Президента Республики АбхазияПрезидент Рауль Хаджимба во время рабочей поездки в село Члоу
Президент Рауль Хаджимба во время рабочей поездки в село Члоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 21 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Очамчыра араион ахь аинспекциатә ныҟәара мҩаҧигеит. Игәеиҭеит Ҷлоу ақыҭан аӡымҩангага арҿыцра-ргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа.

АҞӘА, лаҵара 22 – Sputnik. Лаҵарамза 21 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Очамчыра араион ахь аинспекциатә ныҟәара мҩаҧигеит. Игәеиҭеит Ҷлоу ақыҭан аӡымҩангага арҿыцра-ргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа, ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада ақыҭауаа дразҵааит имҩаҧысуа аусурақәа ргнахьала ргәаанагара аилкааразы. Ақыҭауаа ргәалақәа рҳәеит аргыларатә усурақәа рыҿҳәара анаскьагареи ахаҭабзиареи рзы. Акапиталтә ргылараз Аусбарҭеи Аҳәынҭеилакы "Аҧсныргылареи" рнапхгаҩцәа Ахада иҟынӡа инаргеит аӡымҩангага аргылара шымҩаҧысуеи аусураан изыниаз атехникатә уадаҩрақәеи ртәы.

Аԥсны Ахада Акапиталтә ргылараз Аусбарҭеи Аҳәынҭеилакы "Аҧсныргылареи" рнапхгаҩцәа ирыдиҵеит аӡымҩангагақәа рыргылара 2018 шықәса цәыббрамзазы ихдыркәшарц.
"Хара имгакәа, амш зеиҧшразаалак, ианаамҭоу аусурқәа рхыркәшара иаҧырхагоу атехникатә зҵаарақәа зегьы ӡбазароуп", — адҵа ҟаиҵеит аҳәынҭқарра Ахада.

Аргыларатә еиҿкаара ЗҲӘА "Проммонтаж сервис" анапхгаҩы Џьумбер Нарманиа иҳәеит аиҿкаара аусура напы шанаркыз аӡымҩангага цәаҳәақәа реихшара анымҩаҧысуаз аамҭазы.

"Ҳара ажәытәтәи агхақәа – аӡеихшара амҩақәа рыҟны иҟаз агхақәа рыриашара ҳалагеит. Аиқәшаҳаҭрала иҳадҵоу – аӡеихшара цәаҳәақәа рыҟаҵароуп. Ахада ажәа шиаҳҭахьо еиҧш, цәыббрамзазы ихҳаркәшоит ҳусура", — иҳәеит Џьумбер Нарманиа.

Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит 2016 шықәсатәи аплан иаҵаркны.

© Фото : Пресс-служба Президента Республики АбхазияПрезидент Рауль Хаджимба во время рабочей поездки в село Члоу
Президент Рауль Хаджимба во время рабочей поездки в село Члоу - Sputnik Аҧсны
Президент Рауль Хаджимба во время рабочей поездки в село Члоу
Ажәабжьқәа зегьы
0