Қәычбериа: абаҟа рыхьӡ анылоит Мрагыларатәи афронт аҟны еибашьуаз
"Сынтәа аныҳәа аназгәаҳҭо, цәыббра 29 рзы Очамчыра агәаны иаартхоит Мрагыларатәи афронт аҟны иҭахаз аибашьцәа рбаҟа. Уи аргылара иалагеит 2013 шықәазы, аха инагӡамызт. Зынӡа иақәхарџьхоит ҩажәа миллион мааҭ. Уи аԥхьа жә-миллионки бжаки рыхә аусурақәа нарыгӡахьан, иахьазы жәа-миллионки бжаки рзоужьуп. Абаҟа авторс дамоуп Баҭал Џьапуа. Уи аура 21 метра иҟоуп. Очамчыра иқәынхо уахынла рыҩны иандәылҵуа ирбартә еиԥш лашарала еиқәыршәахоит. Мрагыларатәи афронт аҟны иҭахеит 553-ҩык. Аныҳәазы рҭаацәа ааҳаԥхьоит. Очамчыра араион иалҵыз Мраҭашәаратәи афронт аҟны иҭахаз ҿыц иргылахо абаҟаҿы рыхьӡ арбахом. Абаҟа рыхьӡ анылоит Мрагыларатәи афронт аҟны еибашьуаз, Гәдоуҭантә, Нхыҵ-Кавказынтә, Ҭырқәтәылантә иааз роума. Ажәакала, зегь арбахоит", — иҳәеит Қәычбериа.