Аԥснытәи аделегациа Санкт-Петербургтәи аекономикатә форум иалахәхоит

© Фото : предоставлено Лашей АшубаДелегация из Абхазии участвует в экономическом форуме в Санкт-Петербурге
Делегация из Абхазии участвует в экономическом форуме в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Петербургтәи аекономикатә форум (ПМЭФ-2018) аусура хацнаркит лаҵара 24 рзы, ацәыргақәҵатә центр "Экспофорум" аҿы.

АҞӘА, лаҵара 24 – Sputnik. Аԥснытәи аделегациа Санкт-Петербургтәи аекономикатә форум (ПМЭФ-2018) иалахәхоит ҳәа Sputnik иазааицҳаит адепутат Лаша Ашәба.

Аделегациа аилазаара иалахәуп Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Аекономика аминистр зхадараҿы дыҟоу аминистрра ахаҭарнакцәа.

"Сынтәатәи ашықәс азы афорум "Создавая экономику доверия" алозунг иаҵагыланы имҩаԥгахоит. Уи ианыԥшуеит адунеи аҟны аибарххара змоу аҭагылазаашьа. Афорум аҿы ирылацәажәахоит жәларбжьаратәи аекономикатәи аполитикатәи аспектқәа. Ирылацәажәараны иҟоуп ауаҩытәыҩсатә капитал аҿиареи аԥсҭазаара аноурылара аизырҳареи, атуризм аҿиареи, амедицина аиӷьтәреи уҳәа ртемақәа", — иҳәеит Ашәба.

Аԥсуа делегациа злахәыз аимак-аиҿакқәак атехнологиа ҿыцқәа ирзырхан.

"Афорум ацентртә хҭыс ҳәа ишьоуп апленартә еилатәара. Аилатәара мҩаԥгахоит лаҵара 25 рзы. Аилатәара иалахәхоит Урыстәыла Ахада Владимир Путин, Франции апрезидент Емманиуель Макрон, Иапониа Аԥыза-министр Синдзо Абэе, адунеи атәылақәа рбизнеси рполитикеи рхаҭарнакцәа", — иҳәеит адепутат.

Афорум –аԥышәа аиуреи аинырреи рзы хра змоу ҭыԥуп ҳәа азгәеиҭеит Лаша Ашәба.

Петербургтәи аекономикатә форум (ПМЭФ-2018) аусура хацнаркит лаҵара 24 рзы, ацәыргақәҵатә центр "Экспофорум" аҿы.

Петербургтәи аекономикатә форум иалахәхоит 15 000-ҩык рҟынӡа асасцәа, атәылақәа 100 рҟынтәи.

Афорум аусура хнаркәшоит лаҵара 26 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0