Ахәыҷ чымазцәа рыцхрааразы акциа хацыркуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция АШАНА - «Добрый картофель»
Акция АШАНА - «Добрый картофель» - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор инапынҵақәа назыгӡо Мактина Џьынџьалԥҳа илҳәеит агәыҳалалратә акциа "Ахәыҷра аныҳәа" аҟны еизгахо аԥарақәа ахәыҷ чымазцәа рыцхыраара ишазырхахо.

АҞӘА, лаҵара 29– Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор инапынҵақәа назыгӡо Мактина Џьынџьалԥҳа илҳәеит афонд агәыҳалалратә акциа "Ахәыҷра аныҳәа" аҟны еизгахо аԥарақәа ахәыҷ чымазцәа рыцхыраарахь ишышьҭхо.

"Иаарласны умаҵ ахьыруа аресторан "Абургер" аҿы имҩаԥгахоит "Ахәыҷра аныҳәа". Еизгахо аԥарақәа зегьы ахәыҷ чымазцәа рыхәышәтәра иазынаҳархоит. Ҵыԥх имҩаԥаагаз арҭ акциақәа қәҿиарала ианымҩаԥыс, иҳаӡбеит есышықәса имҩаԥаагаларц. Абри амш аҽны аресторан аҿы акартошлых рҭилоит еицырдыруа артистцәа, ашәаҳәаҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Абри амш аҽны дарбанызаалак акартошлых аазхәаз ахәыҷқәа рзы еизырго ахь илагала алаҵахоит, избанзар  ирҳау аԥара аҟнытә 50% афонд иахыԥхьаӡалахоит", — ҳәа еиҭалҳәоит Мактина Џьынџьалԥҳа.

Иара убасгьы абри амша ҽны имҩаԥгахоит алотереиа.

Мактина Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит ареспублика ауааԥсыра активла арҭ акциақәа рҽышрыладырхәуа.

Афонд "Ашана" апартниорцәа ҩынтәуп абри акциа Ахәыҷқәа рыхьчара амш азы Аҟәа имҩаԥыргоижьҭеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0