Бараҭелиа: аҵәахырҭатә банк аиҭарҿыцра ашықәс рацәа аҭахуп

© Фото : Администрация г. Сухум Сбербанк Абхазии
Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аамҭалатәи Анапхгара аусура хацнаркит 2017 шықәса рзы, фымз ҿҳәараны иаманы.

АҞӘА, лаҵара 29 мая – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аамҭалатәи Анапхгара аусура хацнаркит 2017 шықәса рзы, фымз ҿҳәараны иаманы. Абри аамҭақәа рыла ара имҩаԥган 63 кредит ареструктуризациа рызун. Абир атәы иҳәеит Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Ирхынҳәын 26 миллион мааҭ ауал-ԥара. Аӡбарҭатә органқәа рахь инашьҭын 300 миллион инаӡоз 63 зыҳәеи 870 нызқь доллар инаӡоз 4 зыҳәаки. Иахьатәи аамҭазы ирыдыркылахьеит 170 миллион мааҭ зыртәо 37 ӡбамҭеи 420 000 доллар зыртәо 2 ӡбамҭаки. Абри атәы азгәаҭан Амилаҭтә банк аҿы.

"Иаанхаз аӡбамҭақәа рганахь ала анагӡаратә мусҭа усқәа хацыркуп", — рҳәеит Амилаҭтә банк аҿы.

Уаанӡа апрокуратура хада иакьыԥхьыз асиаҟынтәи ирхынҳәуп 4,5 миллион мааҭ ауал иҳәеит Бараҭелиа.

Аамҭалатәи анапхгара иара убасгьы Аҵәахырҭатә банк аусура аиӷьтәразы иаднакылеит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа: аклиентцәа ршәаратә уалқәа зегь ырхынҳәын, атәанчахәы зегь шәан.

Уи адагьы аамҭалатәи анапхгара имҩаԥнагеит абанки аклиентцәеи ршәарақәа рымҩаԥгара ахылаԥшра аҭара.

"2017 шықәса абҵара 13 инаркны 2018 шықәса лаҵара 11 рҟынӡа инагӡан 6 361 920 мааҭ зыртәо ашәарақәеи 7 315 801 $ и 2 356 174 доллар зыртәо ашәарақәеи" ҳәа азгәарҭеит Амилаҭтә банк аҿы.

Бараҭелиа иара убасгьы иазгәеиҭеит 9 миллион мааҭ иҟоу Аҵәахырҭатә банк ипрофельтәым активқәа шынагӡо. Ипрофельтәым активқәа ҳәа ишьоуп абанк иаднакылаз мамзаргьы аӡбарҭа аӡбрала иаиуз еиҭамҵуа амазарақәа.

Акредитзоужьра аганахь ала 2017 шықәса ԥхынҷкәынмзаахыс абанк иаиуит 24 миллион мааҭ аԥара.

Национальный банк РА - Sputnik Аҧсны
Аҵәахырҭатә банк аамҭалатәи анапхгараҭара азухоит

Аамҭалатәи анапхгара аусура иаҵаркны ихацыркын ахатәхаҿқәа рзы адепозиттә аалыҵ ҿыцқәа. Иадыԥхьало адепозитқәа идыртәеит 427 миллион мааҭ.

Аамҭалатәи анапхгара аус аднаулеит абанк асанациа аплан ҿыц, 2026 шықәсанӡа зусура азыԥхьагәаҭо. Абарҭ аа-шықәса ирылагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп абанк ахатә капитал аизырҳара; акредиттә портфель ахаҭабзиара аиӷьтәра; иҿыцу автоматизациа зызуу абанктә системахь аиасра.

Асанациа аплан анагӡара хылаԥшра рнаҭоит акуратортә гәыԥ. Акуратортә гәыԥ шьақәгылоит Амилаҭтә банк аусзуҩцәа рыла.

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аамҭалатәи Анапхгара аусура хацнаркит 2017 шықәса рзы, фымз ҿҳәараны иаманы. Ари аус мзызны иаман Аҵәахырҭатә банк 500 миллион инаӡоз ацәыӡқәа. Аҵәахырҭатә банк анапхгаҩы Ҭимур Бганба изинмчра ԥкын абҵара 13 рҟынӡа, зынӡа иаанкылан ԥхынҷкәын 13 рҟынӡа.

Аҵәахырҭатә банк ашьаҭаркҩыси иаку акционерси ишьоуп Аԥсны Амилаҭтә банк. Аҵәахырҭатә банк Аԥсны иахьаҵанакуа иамоуп афилиалқәа 7, аофисқәа 15.

Ажәабжьқәа зегьы
0