АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥшьаша, лаҵара 31 рзы Аминистрцәа Реилазаара ҿыц актәи аилатәара мҩаԥысит. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит Аԥсны аиҳабыреи Науру аиҳабыреи атәылақәа рыҩба ртәылауаа наҟ-ааҟ реиҭанеиааираан авизатә кәама-ҵамақәа мап рыцәкызарц азы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра.
"Ишәыдаагалоит Аԥсны аиҳабыреи Науру аиҳабыреи атәылақәа рыҩба ртәылауаа наҟ-ааҟ реиҭанеиааираан авизатә кәама-ҵамақәа мап рыцәкызарц азы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра апроект. Ишыжәдыруа еиԥш офицалтә ныҟәарала Науру ҳаҟазаараан абри аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩра амҩаԥгара ҳалацәажәеит. Аиқәшаҳаҭра иалнаршоит ҳтәылауаа визада реиҭанеиааира", — иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.
2009 шықәса ԥхынҷкәын 15-16 рзы ареспублика Науру иазханаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра.
Аминистрцәа Реилазаара иара убасгьы иақәшаҳаҭхеит Аԥсни Венесуелеи Адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа рыбжьара аконсультациақәа рзы Аԥкаанҵа анапаҵаҩреи Аԥсни Венесуелеи рыбжьара жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы русеицуреи реинырреи рызҵаарақәа рзы Амеморандум анапаҵаҩреи.
2009 шықәса цәыббра 10 рзы Уго Чавес алаҳәара ҟаиҵеит итәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра шазханаҵаз азы.