Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Маан: Шьамтәыла ажәлари ҳареи ҳаимабзиоуп, анаҩсгьы ҳаимадарақәа ҳарӷәӷәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМаамун Маан
Маамун Маан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳџьынџьуаҩ Маамун Маан Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ажәабжь ахьиаҳаз, уи шаҟа гәахәара инаҭаз, анаҩс ажәларқәа реимадара ԥеиԥшс иамоу атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит.
"Хра злоу ахҭысқәа": Маан Сириа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иазкны

"Ари ахҭыс даара ҳаргәырӷьеит ҳара, ари гәырӷьамшуп, рацәак ҵуеит абри ҟаландаз ҳәа ҳгәы иҭеижьҭеи. Сириа инхо ажәлари ҳареи ҳаимабзиоуп, анаҩсгьы ажәларқәа реиҿцаараҿы аусқәа бзиахап ҳәа сгәыӷуеит. Сара хаҭала сгәыла ӡӷаб исалҳәеит, Сириа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит ҳәа. Аинтерет аҿы сыԥшаарц салагеит, аха зегьы урысшәала ауп ишану, сара аурысшәа сзеилкааӡом, ҳаиҳабарагьы урысшәала ауп ишырҳәаз, уаҟагьы ирҳәаз сзеилымкааит. Абас сгәыла ӡӷаб илыбзоураны еилыскааит ари агәырӷьа зцу ажәабжь", — иҳәеит Маан арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0