"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Габниа алхратә система иазкны
"Аԥсны алхаратә система формак азыԥшаатәуп. Мчыла политикахь аӡәгьы дузнагом. Ихәыцны, зегьы капантәуп. Иаҳхәап, апартиала ианцо алхрақәа, усҟан апартиаҿы ихәыцуеит, аҳәса рыбжьқәа ҳауроуп, егьырҭ амилаҭқәа рацәазар, урҭ рахьынтә аӡәы асиа данаҳҵап ҳәа. Аха уи ус баша даҭахуп ҳәа акәым, издыруа, акы еилызкаауа иреиӷьу ҳәа ишәаны изаны апартиақәа иалыркаароуп. Убысҟан ауп алхратә асистема аус анауа", — иазгәеиҭеи Габниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.