"Аԥхьа иргыланы исҳәар сҭахуп апрограммаҟны иану ашьаҿақәа рҟынтәи излагахьоу ыҟоуп Аԥсны. Уи ашәахтәқәа, абизнес маҷ ирызку ҩба –хԥа азакәан апроектқәа еиқәдыршәахьеит аекономика аминистрраҟны. Еиҳарак сзықәгәыӷуа, уа иану ашьаҿақәа ҩажәи хәба рҟынтәи ҩажәа рҟынӡа Аԥсны ахада апарламент ахь аҵыхәтәантәи инашьҭымҭаҟны иарбоуп. Уажәшьҭа иаҭаху анагӡароуп, уи зуалу ачынуаа роуп. Апрограмма иагу атәы ҳҳәозар, аҩныҵҟатәи аресурсқәа рыӡбахә маҷны иҳәоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Шьалашьаа.
Аҵарауаҩ игәаанагарала аинвестициақәа рызҵаара ҳауаажәлар агәҭынчымра рызҭо, ахылаԥшра, аус зыдулара аҭаху иреиуоп.
Аҟәа имҩаԥгаз раԥхьатәи амилаҭтә форум "Аԥсны астратегиа 2025" аекономика аизҳара иазкын. Афорум ажәахә хаданы иҟан Аԥсны аекономикатә ҿиара апрограмма "25 шьаҿа Аԥсны аекономика аҿиаразы 2025 шықәсанӡа".