АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума ахаҭарнакцәа рԥылараан Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа ицәыригеит ҳтәылаҿы"ан лмазара" роуа аҟаҵара азҵаара. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Жәлар Реизара Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.
"Иаҳҳәаз иазыӡырҩит. Аидеиа аус шадыруло рҳәеит, аҷыдарақәа ԥхьаҟа ирылацәажәараны иҟоуп", — иҳәеит иара.
Аиԥылараан аганқәа иара убасгьы ирылацәажәеит аԥсны-урыстәылатәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара иадҳәало азҵаарақәеи аекономикеи асоциалтәи усхкқәа рҟны ԥхьаҟатәи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәеи иҳәеит Бжьаниа.
"Иацы, рашәара 4 рзы имҩаԥысит апарламентаризм аҿиаразы афорум аартра, имҩаԥысит апленартә еилатәара. Афорум иалахәуп 97 тәыла рҟынтәи 400-ҩык аделегатцәа. Излацәажәо азҵаарақәа ртематика акыр иҭбаан. Хаҭала сара иҟасҵаз ажәахә ("Особенности становления и развития законодательства") Аԥсны азакәанԥҵара ашьақәгылара иазкын" — иҳәеит иара.
"Иахьатәи адемократиатә уаажәларратә еилазаараҿы азакәанԥҵаратә хәҭа ихадоу аҭыԥ ааннакылоит. Апарламенттә еинырра иармариоит атәылақәа рыбжьара аилибакаара. Асеиԥш иҟоу афорум апарламентбжьаратә еимадарақәа аԥнаҵоит, аԥснытәи аган еиԥш урыстәылатәи аган азгьы хра аманы иҟоуп", — иҳәеит Бжьаниа.
Ԥхьаҟатәи апарламентбжьаратә еиныррақәа рыҿиаразы агәаанагарақәа реимдараан Валери Кәарҷиа Леонид Калашников идигалеит Аԥсны Жәлар реизареи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицураз аиқәшаҳаҭра апроект.
Леонид Калашников иакәзар, уи анапаҵаҩра азҵаара аус адулара ишалацәажәахо дазааҭгылеит.
Апарламентаризм аҿиаразы Жәларбжьаратәи афорум аатит Москва. Иара иалахәуп 400-ҩык аделегатцәа, 100-ҩык аекспертцәа 97 тәыла рҟынтәи, имҩаԥысуеит рашәара 4 — 5 рзы, Москва.
Афорум асас хадацәа иреиуоуп: Жәларбжьаратәи апарламенттә еидгыла ахантәаҩы Пьер Фердинандо Казини, ПАСЕ 2005-2008 шықәсқәа рзы ахантәаҩыс иҟаз Рене Ван дер Линден, ПАСЕ 2016-2017 шықәсқәа рзы ахантәаҩыс иҟаз Педро Аграмунт.
Афорум хыркәшахоит рашәара 5 рзы.