Асҭамыр Џьапуа иганахьала Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аӡбара азакәантә мчра аиуит

CC0 / / Судебный молоток и весы правосудия
Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 13 2018 шықәса рзы Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа аӡбрала иара 20 шықәса бахҭала ихгара иқәырҵеит.

АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik. Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа Асҭамыр Џьапуа иганахьала ирыдкылаз аӡбара азакәантә мчра аиуит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа асаит.

Асҭамыр Џьапуа ахара идҵоуп зықәра намӡац лцәа ахьԥиҽызи абџьар закәандарыла иҵәахны иахьимази.

Судебные принадлежности, молоток и книги, на столе - Sputnik Аҧсны
Асҭамыр Џьопуа 20 шықәса иқәырҵеит

"Зықәра 14 шықәса рҟынӡа инамӡац лцәаԥҽра иадҳәало, 1981 шықәса рзы ииз Асҭамыр Џьапуа иганахь ала ахарадҵаратә лкаа Аҟәа араион аӡбарҭахь инашьҭуп, Аԥсны апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ ианышьақәирӷәӷәа ашьҭахь", — ҳәа аҳәоит асаит адырраҭара.

Асҭамыр Џьапуа иганахь ала ахарадҵаратә лкаа шьақәырӷәӷәоуп.

"2018 шықәса хәажәкыра 13 рзы Аԥсны Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиа ахарадҵаратә лкаа шьақәирӷәӷәеит, 4 томк иҟоу ашьаус Аҟәа араион аӡбарҭахь инашьҭуп", — ҳәа аҳәоит адырраҭара.

2017 шықәса рашәарамза 13 рзы Аҟәа араион апрокуратура ихацнаркит ашьаус 1981 шықәса рзы ииз Џьапуа Асҭамыр Севериан-иԥа иганахь ала.

Ашьаус хацыркын зцәа ԥырҽыз аӡӷаб лан лырзаҳал ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0