АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ақәыԥшцәа ршьапылампылтә клуб "Динамо" Аҟәа Урыстәылазегьтәи атурнир Hopes Cup "World Cup Sochi 2018" аҿы Уругваи азы ихәмаруан. Аиааирагьы ргеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит акоманда администратор Гуранда Ҳашԥҳа.
Афинал аҿы Аԥснытәи аспортсменцәа ирындаҭлон адлертәи ашьапылампылтә клуб "Черноморец" ахәмарыҩцәа (Германиа).
"Ахәмарра акыр еибарххан. Ахәмарыҩцәа рыҩаӡара еиҟаран. Пенальти ҟалар ҳәа ҳшыԥшыз, ҳахәмарыҩ Тигран Манукиан ампыл амба аҭаршәра илиршеит", — лҳәеит лара.
Ҳашԥҳа лажәақәа рыла, атурнир Hopes Cup "World Cup Sochi 2018" иреиӷьу ажәылаҩ ҳәа дшьоуп ахәмарыҩ Тимур Кенџьиа.
Урыстәылазегьтәи атурнир Hopes Cup "World Cup Sochi 2018" мҩаԥысуан Шәача, рашәара 2 — 10 рыбжьара.
Hopes Cup "World Cup Sochi 2018" иалахәын Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи акомандақәа жәабеи аԥснытәи акоманда "Динамои".