Урыстәыла Аԥснытәи ахҵәацәа рганахь ала Қырҭтәыла арезолиуциа иаҿагылеит

© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание ООН
Здание ООН - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адокумент атекст аҿы иара убасгьы иазгәаҭоуп "мчыла адемографиатә ҭагылазаашьа аԥсахра" азин шыҟам.

АҞӘА, рашәара 13— Sputnik. ООН Ассамблеиа хада аҽазныкгьы иаднакылеит Аԥснытәии Аахыҵ Уаԥстәылатәии рҟынтәи ахҵәацәа рҭагылазаашьазы Қырҭтәыла арезолиуциа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Адокумент рыдыркылеит бжьеиҳала. 81 тәыла арезолиуциа иақәшаҳаҭхеит, мап ацәыркит — 16-тәыла рхаҭарнакцәа, 62-ҩык абжьыҭира рҽацәхьаркит.

Адокумент аҟны иазгәаҭоуп 2008 шықәса нанҳәамзазы аҭыԥ змаз бџьаршьҭыхлатәи аимак иахҟьаз агуманитартә ҭагылазаашьа ишахҟьаз аграждантә уааԥсыра рҭыԥқәа рхыҵра.

ООН Ассамблеиа хада иазханаҵоит зҭыԥ иахыҵызи ахҵәацәеи урҭ рхылҵшьҭрақәеи рыҩнқәа рхылараз рзин ҳәа аҳәоит арезолиуциаҿы.

Адокумент атекст аҿы иара убасгьы иазгәаҭоуп "мчыла адемографиатә ҭагылазаашьа аԥсахра" азин шыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0