Аԥснытәи аарԥшрақәа зыхьӡ ҭыргаз археолог Васили Лиубин иԥсҭазаара далҵит

© Фото : из личного архива В. ЛюбинаРоссийский археолог Василий Любин
Российский археолог Василий Любин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Васили Лиубин "Ахьӡ-аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара ианашьан "Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха аҭҵаараҿы илагалақәеи, адунеитә ҵакы змоу иаартрақәеи, археологиа аҿиараҿы илшамҭақәеи" рзы.

АҞӘА, рашәара 15— Sputnik. Урыстәылатәи археолог Васили Лиубин 101-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Лиубин деицырдыруа дҟалеит Аԥсныи, Ермантәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи иҟаиҵаз аарԥшрақәа рзи Туркмениеи, Африкеи, Урал иахьаҵанакуеи иҭҵаарақәа рзи.

Иара убасгьы "Страницы ранней предъистории Абхазии" авторцәа дыруаӡәкуп.

Васили Лиубин авторс дрымоуп 300 рҟынӡа ҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭа Кавкази, Абжьаратә Азиеи, Африкеи апалеолит аамҭазы рыҟазаашьазы.

Васили Лиубин диит ажьырныҳәа 13, 1918 шықәса рзы. 1941 шықәсазы аибашьрахь дцоит. 1946 шықәсазы акапитан ичын иманы дхынҳәуеит. Раԥхьатәи археологиатә експедициахь дцоит 1949 шықәсазы.

Васили Лиубин "Ахьӡ-аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара ианашьан "Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха аҭҵаараҿы илагалақәеи, адунеитә ҵакы змоу иаартрақәеи, археологиа аҿиараҿы илшамҭақәеи" рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0