Аԥшьлааԥҳа: Аԥсны цҳа хәыҷык ирзаҩызахар алшон Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи
"Аицеизхаҵара азҵаараҟны иҟалап аиҭанаиааира раԥхьа иргылатәзар. Нанҳәа 2017 шықәсазы адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба инапхгарала аԥсуа делегациа Шьамтәыла иаҭааит. Уи аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны иакымкәа иофициалтәу аиԥыларақәа ыҟан. Хаҭала аибабара алҵшәа бзиа аанашьҭуеит. Убри аҟынтәи аиҭанаиааиреи, аибабареи, аиҿцәажәарақәеи рымҩаԥгара еилкаауп иарбан ҭыԥу иааныркыло аицазхаҵараҟны. Ҳара ҳзы дгыла дуӡӡоуп Урыстәыла, хырӷәӷәарҭак иаҩызоуп. Иара убас ҳаԥхьаҟа Ҭырқәтәылагьы ҳазханаҵартә насыԥс иҳаур, аҳәынҭқарра дуқәа еимаздо цҳа хәыҷны ҳҟалар ауеит", — лҳәеит Аԥшьлааԥҳа.