Трамп Пентагонаа адҵа риҭеит арра-космостә мчрақәа раԥҵара хацдыркырц

CC0 / pixabay / Пентагон
Пентагон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америка Ахада Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Америка акосмос аҿы аԥыжәара агара хықәкыс ишамоу.

АҞӘА, рашәара 19 — Sputnik. Дональд Трамп Пентагон адҵа аиҭеит арра-космостә мчрақәа раԥҵара хацнаркырц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара акосмос аҟны аԥыжәара аагароуп. Урыстәылеи Китаии рышьҭахь агылара ҟалом. Сара Атәылахьчара аминистрреи Пентагони адҵа рысҭоит аамҭа мгакәа арра-космостә мчрақәа раԥҵара нап аларкырц", — иҳәеит Вашингтон иқәгылараан Америка Ахада Дональд Трамп.

Уаанӡа агазеҭ Washington Post аҳәамҭа ҟанаҵахьан Урыстәылеи Китаии ркосмостә программақәа амилаҭтә шәарҭадара иаԥырхаганы ишьоуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0