"Аибашьра ашьҭахьгьы иаԥҵан ари ацентр, аха аусуразы аҭагылаазашьа ҟамлеит. Ацентр иамаз афункциақәа Аԥсуа институт инаныгӡон. Уи аусура алҵшәа иабзоураны иҭыҵит "Аԥсуа биографиатә жәар", иара акьыԥхь абеит ҩышықәса раԥхьа. Ацентр хазы аҟазаара ахәҭоуп, иаҳа алҵшәа аанышьҭуеит, иаҳа аус арццакуеит. "Абиографиатә жәар" аҿы аусура аанкылара ҟалаӡом, ҳгәы иҭоуп иркьаҿу "Аԥсны аенциклопедиа", уаҟа ианылоит ихадароу аилкаарақәа зегьы", — ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Ажәабжь инарҭабааны шәыӡырҩыр шәылшоит аудиоподкаст аҿы.
Аҭҵаарадырратә центр "Аԥсуа енциклопедиа" ҩышықәса рыҩныҵҟа иазгәанаҭеит апроектқәа хԥа аус рыдулара. "Аҭыжьра иаздырхиараны иҟоуп 100 кьыԥхь бӷьыцк иҟоу "Аԥсны икьаҿу аенциклопедиатә жәар", аҩбатәи пароект уи – "Аԥснытәи аҭоурыхтә биографиатә жәар". Ахԥатәи апроект атәылаҿ еицырдыруа иҟоу ауаа рҭоурыхқәа ртәы иалацәажәо ҭыжьымҭахоит, иҳәеит ацентр адиректор Уасил Аҩӡба Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы.