ИАР атәылауаа Урыстәылаа тәылауаҩра роура ырмариахоит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГерб на здании Государственной Думы РФ
Герб на здании Государственной Думы РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абри азы азакәан апроект Аҳәынҭқарратә Дума ахәаԥшраз ирыдигалеит ИАР аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа реимадареи рзы аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ.

АҞӘА, рашәара 26 — Sputnik. ИАР атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра роура ырмариахоит. Абри азы азакәан апроект Аҳәынҭқарратә Дума ахәаԥшраз ирыдигалеит ИАР аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа реимадареи рзы аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Убри инақәыршәаны "Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩразы" азакәан ахы 8.1. аусура аҿҳәара аркьаҿрақәа раԥыхра алшоит. Уажәазы иара алегализациа рнаҭоит Урыстәыла 16 шықәса раԥхьа иалалаз мамзаргьы Урыстәыла атәылауаҩ ипаспорт 2002 шықәса ԥхынгәы акы аҟынӡа изауз, егьырҭ адепортациа иаҵанакуеит.

"Усеиԥш ауаа рацәамзаргьы, 20 шықәса инарзынаԥшуа Урыстәыла инхоз, излыҵыз атәылеи дареи реимадарақәа ыӡхьеит, урҭ адепортациа рзура ламысым, иуаҩрам.

Убри азы азакәан абри ахы аҿҳәара аркьаҿрақәа хымԥада иаԥыхтәуп" ҳәа аҳәоит ажәалагала иацу аилыркаага бӷьыц.

Ажәабжьқәа зегьы
0