АҞӘА, ԥхынгәы 2 – Sputnik. Аԥсны Аиҳабыра анаԥхьара роуит 2018 шықәса, цәыббар 6 —15 рзы Шьамтәыла аҳҭнықалақь Дамаск имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи ацәыргақәҵахь ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара асаит.
"Иахьазы 45-ҩык злахәу аделегациа аилазаара еиҿкаауп. Аделегациа иалахәхоит Аԥсны аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхадацәеи рхаҭарнакцәеи", — ҳәа иҳәеит Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа Дамассктәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵахь аделегациа алахәылацәа дрыҿцәажәо.
Ацәыргақәҵа аартра аԥхьатәи амш Аԥсны амш ҳәа имҩаԥгахоит. Ареспубликазы иаартхоит аконцертмҩаԥгара ҭыԥқәа. Аԥснытәи апавильон 100 метр ԥшьыркца рҟынӡа ахышәа-ҵышәа амоуп. Аԥыза-министр анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны астендқәа рдизаин-проект аздырхиарц, аекспозициа аинформациатә мҩаԥгара апрограмма аздырхиарц.
"Аԥсны амш иазку апрограмма рхиатәуп. Арахь иаҵанакыроуп аалыҵ ацәыргақәҵеиԥш аконцерттә хәҭагьы", — иҳәеит иара.
Ацәыргақәҵа аартын 1954 шықәса рзы. Араҟа имҩаԥысуеит анаплакыҩцәа, ахәаахәҭыҩцәа, амаҵзуратә еилахәырақәа реинырра.