Аҩӡба аҳәынҭавтоинспекциа аусура аибашьра ашьҭахь: даара ицәгьан
"Аибашьра ашьҭахь аусура даара ицәгьан. Амҩақәа бааԥсын, зегьы рнапаҟны абџьар рыман. Машьынак аанукылар абџьар ҭыргон. Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа маҷын, аспециалистцәа ракәзар, урҭ зынӡагьы иҟамызт. Аҷкәынцәа срабжьаны, хәыҷы-хәыҷла аусура хацҳаркит. Атехникатә ҭагылазаашьа атәы акәзар, даара иуадаҩын, амашьынақәа ҳамамызт. Даара ицәгьан аусура, арахь аус ҳамур ауамызт", — еиҭеиҳәеит Аҩӡба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.