Аԥсни Иорданиеи аекономикатә усеицураз аинтерес еицрымоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Рауль Хаджимба принял делегацию из Иордании
Президент Рауль Хаджимба принял делегацию из Иордании - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәымза 5 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Иорданиатәи Хашимиттә кралра аҟнытә аделегациа идикылеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 6– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ԥхынгәымза 5 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Иорданиатәи Хашимиттә кралра аҟнытә аделегациа идикылеит. Аԥсни Иорданиеи наҟ-ааҟтәи аекономикатә усеицура аинтерес рыманы иҟоуп иҳәеит Аԥсны Ахада аиԥылараҟны.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит адунеи аҿы ҳардыруа, адунеитә уаажәларра ҳаилыркаауа аҟазаара. Ҳара иаартны иаҳҳәоит, ҳҳәынҭқарра аҩныҵҟа ҳшьақәгылароуп ҳәа. Азхаҵара аганахь ала ҳусбарҭақәа русура аҵакы ду аҳҭоит, уи хымҧадагьы иаҭахуп. Ари шьаҿа-шьаҿала имҩаҧысуа процессуп, аха уи иҳалнаршароуп ҳара зхьыԥшымразы иқәԥоз тәыланы ҳшыҟоу атәы адунеитә уаажәларра рҟынӡа анагара. Уи ҳалҳаршеит, уажәшьҭа ҳҿаԥхьа уснагӡатә хаданы иқәгылоуп — адунеи аҟны егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыҵамхара. Ҳазхазҵаз аҳәынҭқаррақәа рганахь ала иҳамоу азхаҵара ҳара аҭакԥхықәра ҳаднаҵоит. Даара акраҵанакуеит ҳара ҳзы Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи иҳабжьоу аизыҟазаашьақәа. Урыстәыла адгылара ҳанаҭоит, аха ҳара ҳҳәынҭқарра ҳуааҧсыразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раҧҵара алшо иҟалароуп. Убри аан иазгәасҭарц сҭахуп, ҳтәыла маҷзаргьы, иамоу алшарақәа азхартә иҟоуп. Урҭ аекономика аиҿкаараҿы ииашаны, хықәкыла хархәара рзутәуп", — ҳәа.

Аделегациа алахәылацәа иазгәарҭеит ирылшо ала аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьа маншәала ашьақәыргылара ишацхраауа.

"Сара сполитикм, сара сбизнесуаҩуп. ААП сахаҭарнак мацара схы збом. Сколлегацәа ажәа сырҭеит Иорданиа ишнеилак Аԥсни Иорданиеи рыбжьара ацҳахҵара аус напшадыркуазы. Саргьы исылшо ала уи аус сацхраап" ҳәа иҳәеит Иорданиа апарламент ҧасатәи адепутат Муҳаммед Раслан, Иорданиа иҟоу Аԥсны ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнак Али Бакиж.

Иорданиатәи апарламент ҧасатәи адепутат Муҳаммед Раслан Ахада иҟны Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа дазҵааит.

Фото с места события - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба идикылеит Иорданиа апарламент адепутатцәа

Аҳәынҭқарра Ахада азҵаара аҭак ҟаиҵеит.

"Аибашьра аԥхьагьы Қырҭтәылеи ҳареи ҳабжьара иҟаз аизыҟазаашьақәа мариамызт. Иахьа еизыҟазаашьа ҳәа акгьы ҳабжьаӡам. Иҟоуп аиҿцәажәаратә процесс, уи мҩаԥысуеит Женеватәи адискуссиақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны. Ара иалахуп Аԥсны, Аахыҵ-Уаԥстәыла, Еиду Америка Аштатқәа, Урыстәыла, Европатәи Аидгыла. Арҭ аиҧыларақәа раан ирылацәажәоит хырхарҭа рацәала ҳаизыҟазаашьақәа ирызку азҵаарақәа, рапхьа иргыланы, ҳара ҳзы аҵакы ду змоу — амчқәа рхамырхәаразы аиқәшаҳаҭра ауп. Рыцҳарас иҟалаз, ақырҭуа ган уи иақәшаҳаҭым. Иҟалап, иахьагьы, адгьылҵакыратә акзаара ҳәа изышьҭоу иақәгәыӷуазар.

Ҳара ҳаибашьуан, аха уи ҳара ҳакәӡам иаԥшьызгаз. Аиааира ҳгеит, шьҭахьҟа уаҳа ҳхьаҵраны ҳаҟаӡам",- иазгәеиҭеит Ахада.

Атәыла Ахада иажәақәа рыла Аԥсны иахьа активла аҿиара иаҿуп. Аус руеит еиуеиԥшым аиқәышаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи. Агәахәара иманы иазгәеиҭеит еиуеиԥшым атәылақәа Аԥсны дырдырраҿы, аӡыргараҿы аус ду шымҩаԥырго аԥсуа хылҵшьҭрақәа.

"Акрызҵазкуа факторуп шәара шәҳәынҭқарра иахьықәынхо хыԥхьаӡара рацәала Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа, урҭ рыҩныҵҟа иҟоу аԥсуаагьы ари аҳәынҭқарра аргылараҿы шәара иахьшәыдгылоу".

Аделегациа напхгара аиҭоит Монир Собер, Апарламент иреиҳаӡоу апалата — Иорданиатәи Аианцәа Реизара ахада ихаҭыԥуаҩ. Аделагациа аилазаараҟны иҟоуп иара убас асенатор, акоррупциа аҿагыларазы Иорданиатәи Ассоциациа ҧасатәи ахантәаҩы Самиҳ Пино, Аинрал-маиор, Ауаажәларра ршәарҭадара аусбарҭа адиректор Ихада ҧасатәи иассистент Давууд Хакуз, Иорданиа апарламент ҧасатәи адепутат Муҳаммед Раслан, Иорданиа иҟоу Аԥсны ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнак Али Бакиж.

Аиԥылара ахыркәшамҭазы, аҳәынҭқарра Ахадеи Иорданиатәи аделегациа анапхгаҩи агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Рауль Хаджимба принял делегацию из Иордании
Президент Рауль Хаджимба принял делегацию из Иордании - Sputnik Аҧсны
1/4
Президент Рауль Хаджимба принял делегацию из Иордании
© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Рауль Хаджимба принял делегацию из Иордании
Президент Рауль Хаджимба принял делегацию из Иордании - Sputnik Аҧсны
2/4

3/4

4/4

Ажәабжьқәа зегьы
0