Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габлиа: Гәылрыԥшьаа изыргәырӷьаша апрограммақәа азгәаҭаны иҳамоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДмитрий Габлия
Дмитрий Габлия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш ныҳәа 10 шықәса ахыҵреи, Аиааира амш ныҳәа 25 шықәса ахыҵреи аҳаҭыраз Гәылрыԥшь араионаҿ еиҿкаахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит, Гәылрыԥшь ахада ихаҭыԥуаҩ, аҵара аҟәша аиҳабы Дырмит Габлиа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Габлиа Гәылрыԥшь араионаҿ аиубилеитә рыцхәқәа шазгәаҭахо иазкны

"Гәылрыԥшь араион ахақәиҭра анаиуз амш аҽны, цәыббра 28 рзы, имҩаԥаагоит имаҷымкәа еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа. Аиааира амш аҽны, цәыббра 30 рзы, Аҟәа аныҳәа аназгәаҭахо, ҳапрограмма убас еиԥш еиқәҳаршәоит, аҳҭнықалақь аҿы иҟало аус хкқәа ҳҽалархәны,  анаҩс араионаҿгьы иазгәаҳҭартә еиԥш. Мчыбжьык Гәылрыԥшь  хәылбыҽхала еиҿкаахоит еиуеиԥшым аконцерттә программа. Араион ауааԥсыра ргәы иаахәаша, рыла зыргәарӷьаша апрограммақәа азгәаҭаны иҳамоуп", — ҳәа еиҭеиҳәеит Габлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0