Занҭариаԥҳа: есышықәса атурнир иаднаԥхьалоит иҿыцу акомандақәа
"Атурнир мҩаԥаагоижьҭеи аашықәса ҵуеит. Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟнытә рхы аладырхәхьеит. Сынтәа атурнир иалахәын быжь-командак. Хәымш ицоз аицлабра хыркәшоуп. Актәи аҭыԥ ааныркылеит Волгоград аҟнытә аспортсменцәа, аҩбатәи аҭыԥ — Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтә, ахԥатәи Донецкынтәи. Арҭ ах-командак даара иӷәӷәаз ракәын", — ҳәа азгәалҭеит Занҭариаԥҳа.