Адукатцәа анаркотикқәа алазырҵәоз рганахьала аӡбарҭа аӡбымҭа иазашшит

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский городской суд. Архивное фото.
Сухумский городской суд. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аӡбарҭа 2018 шықәса лаҵарамзазы анаркотикқәа рылазырҵәоз Қьамал Османови, Дмитри Нестернеи, Ельдар Мамедови ашьауӷа рықәнаҵеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Аҟәа ақалақь аӡбарҭа 2018 шықәса лаҵарамзазы анаркотикқәа рылазырҵәоз Қьамал Османови, Дмитри Нестернеи, Ельдар Мамедови ашьауӷа рықәнаҵеит. Зус рыӡбыз рдукатцәа ареспублика Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы Аҟәа ақалақь аӡбарҭа аӡбымҭа иазашшит ҳәа аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура.

Аҟәа ақалақь аӡбарҭа 2018 шықәса лаҵарамзазы анаркотикқәа рылазырҵәоз Қьамал Османови, Дмитри Нестернеи, Ельдар Мамедови ашьауӷа рықәнаҵеит.

Қьамал Османов аҭиразы изакәанымкәа анаркотикқәа раахәареи рыҵәахреи рзы 15 шықәсеи штраф ҳасабла 300 нызқь мааҭ ашәареи иқәҵан.

Ирма Ануа: арыҩшьыгақәа рзы ашколхәыҷқәа ргәаҭара мацара азхаӡом

Дмитри Нестерниа 18 шықәса акалониаҿ ахгареи 350 нызқь мааҭ аштраф ашәареи иқәҵан.

Ельдар Мамедов иԥсахьынӡаҭоу бахҭала ахгареи 300 000 мааҭ аштрафи иқәҵан.

Аусӡбараан Аҟәа ақалақь аӡбарҭа ашьаустәи ашьаус-процессуалтә закәанқәеи еиланагеит ҳәа иқәгылеит адукатцәа.

Дара ргәаанаграла ашьауӷа иашам, еиуеиԥшым, еиҿагыло алкаақәа рыла еибыҭоуп ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аус аиҭахәаԥшра мҩаԥысраны иҟоуп Роман Кәарҷиа ихантәаҩрала, ԥхынгәы 24 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0