Sputnik
Арадиодырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" исасцәаны иаҭан Аԥсны жәлар рартист, аԥсуа драматә театр адиректор хада Нодар Ҷанбеи, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху апремиа занашьоу Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла ахада Вахтанг Аԥҳазоуи. Адырраҭара автор, Елеонора Коӷониаԥҳа тема хадас ишьҭылхит аиубилеитә ныҳәақәеи автортә хәылԥазқәеи рымҩаԥгашьа акультура.
Нодар Ҷанба игәаанагара ала, иарбан ҳәынҭқарразаалак шьаҭас иамоу акультура ауп.
"Анкьа акультуреи аҟазареи аҳәынҭқарра аҩаӡараҿы еидын. Уи даараӡа изызхәыцны иҟаҵаз акы акәын, аха нас дара хаз-хазы еидыргеит, —иҳәеит иара. — Ахәылԥазқәа рымҩаԥгара акультура акәзар, еиҳа-еиҳа мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа ҳарҿыԥшуа ҳалагеит. Насгьы, ахәылԥаз аӡәы ианизаҳкуа иаҳдырлар ҳахәҭоуп ҳхықәкы, иаҳҳәарц иаҳҭаху. Аҟаза длазырҟәуа баша ацәажәара акәымкәа, зыӡбахә ҳамо ауаҩы егьырҭ дызлареиԥшым аганқәа рыла иаарԥшра аҭахуп".
Вахтанг Аԥҳазоу иазгәеиҭеит аҳәынҭқарраҿы хырхарҭак алхны хазы ишузмырҿио, аки-аки шеидҳәало.
"Ҳәарада, зегьы ируасхыруп акультура, аха иахьакәзаалакгьы ҳара иаҳҵароуп аамҭа аиҷаҳашьа. Еилаҳкаалар ауп ианалаго, ианынҵәо. Иаҳдыруазар ауп имҩаԥаҳго зызку, насгьы аформат. Избан акәзар лассы-лассы иҟалалоит ахырхарҭақәа аки-аки анаҳцәеилахәо, хықәкыс ирымоу ҳанацәхьаҵуа. Насгьы еилкаалатәуп абиԥарақәа разнеишьа шыхазхазу, аха уи иаанагаӡом ҳзышьцылахьоу ажәытә иацәхьаҵтәуп ҳәа. Ажәытәи аҿатәи еиҿбааны, ҳаԥхьаҟа аԥшьгамҭа ҿыцқәа ҟалозар, ҳәарада напы злактәу усуп. Ари атема ҳара аефир аҿы адагьы еснагь ҳалацәажәоит. Ажәлар аҭагылазаашьа ахәшьара зларҭо ателехәаԥшра иранаҳәо ала ауп, аха ҳара уи анҭыҵ имҩаԥааго аус еиҳагьы еиҳауп. Уи моу, ателехәаԥшра злахәым, иформалтәым ахәылԥазқәа зны-зынла еиҳагьы аԥхарра рыҵоуп", — иҳәеит иара.
Ахәылԥазқәа рымҩаԥгара зыхәҭоу азҵаара дазааҭгыло, Нодар Ҷанба иазгәеиҭеит уи адҵа аҳәынҭқарра ахахьы иагалар шакәу.
"Арҭ аусмҩаԥгатәқәа аҟәрышь рацәа рҭахӡам, иаҭаху ипрофессионалтәу азнеишьа ауп. Асценари ҟамҵаӡакәа агәаанагарақәа рыла мацара амҩаԥгара иашаӡам. Убри азы иҩны иҟазар ауп ажанрқәа, ҳамҩашьаларц азы. Иаҳҳәап: апоет ихәылԥаз мҩаԥысуазар, аформат анудыруа, ажәеинраала иаԥхьаша актиоргьы иалхра мариахоит", — иҳәеит иара.
Вахтанг Аԥҳазоу иазгәеиҭет досу иҭыԥ аҿы аус иур шихәҭоу.
"Ҳара зегьынџьара иаҳзымхо, ззаанаҭ иазҟазоу, агьама змоу ауаа роуп, — иҳәеит иара. Аԥхьан шәара шәрылацәажәеит ажанрқәа. Ҳәарада, урҭ зегьы ыҟоуп, акгьы ахәыцра аҭахӡам. Иаҭаху урҭ рышьҭкаара ауп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы араионқәа рахь ҳахьныҟәо, игәаҳҭеит ҳмилаҭ литература иазӡышуа ишрыдыркыло. Ахәыҷқәа инадыркны, адуқәа рҟынӡа. Хымԥада, ҳара анеира ҳагуп, аха агәаҳәара ыҟоуп", — иҳәеит иара.