Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Коӷониа адунеи ашьапылампылтә чемпионат иазкны
"Иреиӷьу ахәмарҩы даналырхуа, иара икоманда азы, итәыла азы ачемпионат аҿы ихы шааирԥшыз ауп игәаҭатәу. Лука Модрич ачемпионат аҿы ԥызак иаҳасабала ихы ааирԥшит. Иара икоманда ибӷа иқәҵан афинал аҟынӡа инаигеит. Аматчқәа зегьы урыхәаԥшыр, уи узгәамҭар залшом. Лука Модрич ашьапылампылтә интеллект ҳәа изышьҭоу имоуп, Урыстәылатәи еизгоу акоманда аҵыхәтәанынӡа рыгәра згон, асҟак рылшоит ҳәа сшымгәыӷӡозгьы", — ҳәа азгәеиҭеит Коӷониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.