Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сақаниа: насыԥ сымоуп ҳзыргәаҟуаз ахақәиҭреи ахьыԥшымреи раагара сахьахәҭакхаз

© Sputnik / Томас ТхайцукСлава Сакания
Слава Сакания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьраан арратә корреспондентс иҟаз Слава Сақаниа иахьа ихыҵит 60 шықәса. Аиубилиар арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит насыԥны ишимоу Аԥсны алахьанҵа аӡбара дахәҭакны дахьыҟалаз.

Сақаниа: насыԥ сымоуп ҳзыргәаҟуаз ахақәиҭреи ахьыԥшымреи раагара сахьахәҭакхаз
"Зыгьы шаԥыло еиԥш ауп саргьы сирамшы сшаԥыло, амала иара ахьааз уамашәа избоит. Аԥсҭазаараҿы угәалаҟазаара бжьызхыр алшо рацәоуп, аибашьра анцоз иҳавыршьааз ҳҩызцәа, ателехәаԥшра аусзуҩцәа, урҭ зегьы ҳасабырбак иаҩызоуп, ашықәсқәа рацәаны ианцалак, уганаҿы уаныԥшлак уҩыза дыҟам, егьы аганахь уаныԥшлак иузгәакьоу дыҟам, абарҭ зегьы уанрызхәыцлак, угәы узырхьша иаҳа ирацәоуп, узыргәырӷьо аасҭа. Снысымҩа даҽазныкгьы, жәантәгьы санысуан. Иага иуадаҩзаргьы ари амҩа алысхуан. Шәазхәыци, ҳара ҳабиԥара, Владислав Арӡынба ҳаԥхьа днагылан, ҳара иҳазбеит зқьышықәсала ҳажәлар зыргәаҟуаз ахақәиҭреи ахьыԥшымреи. Ҳара лахьынҵас иҳауит аҭоурых ҳнапала аҟаҵара. Уи еиҳау аԥсҭазаараҿы насыԥ ыҟам", — ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны. 

Слава Сақаниа арратә журналист иаҳасабала иаҳа инарҭбааны иҭоурых шәаԥхьарц шәылшоит абра >>

Ажәабжьқәа зегьы
0