АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала ахәышәтәырҭахь инеиуеит 30-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра, аиҳараҩык ахәыҷқәа ҳәа радио Sputnik иазеиҭелҳәеит аҳҭнықалақь аинфекциатә хәышәтәырҭа ахәыҷтәы ҟәша аиҳабы Анжела Мамчуева.
"Аиҳарак ауаа ашьҭалара мап ацәыркуеит. Иахәҭоу ахәышәтәра анрыдаагалалак аҩны иацырҵоит аҽыхәышәтәра", — лҳәоит лара.
Астатистикатә дыррақәа рыла, сынтәа уаанӡатәи ашықәсқәа ирыҿҳарԥшуазар, аҭыԥантәи ауааԥсыра рхыԥхьаӡара еиҳа ирацәахеит.
"Арахь иаҳзааиуа реиҳараҩык амшынӡы рԥырхагахоит мамзаргьы ашәыр, ауҭраҭых уҳәа рхарахоит", — ҳәа еиҭалҳәоит аҳақьым.
Мамчуева лажәақәа рыла, ианаамҭоу аҳақьымцәа рахь анеира аҭахуп.
Лара ишылҳәаз ала, асеиԥш ачымазараан аӡы рацәаны ижәлатәуп, ашәыри ауҭраҭыхи мап рыцәктәуп.
"Аӡы рацәаны ижәлатәуп, аха еихша-еихшаны. Ашәыри ауҭраҭыхи мап рыцәктәуп. Хәымш-фымш рышьҭахь ауаҩы иҭыԥ ахь днеиуеит", — лҳәоит лара.
Аҳақьым иара убасгьы иазгәалҭеит акырпыжәи ашьынкеи рыԥсабаратә ҟалара аамҭа макьаназ ишзаау. Урҭ нанҳәамзазы ауп ианыҟало.