Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба: аԥсуаа рҿы ахалахьырхәра аморалтә ҟазшьа аман

© Sputnik / Томас ТхайцукВиктор Авидзба
Виктор Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытә аԥсуа традицициақәа рҿы имҩахҟьаз аԥҳәыс хьырхәрас илымаз, илықәырҵозма уи ашьра, аҭаацәаратә традициақәа реилагаразы, абари атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәоит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аетнолог Виктор Аҩӡба.

Коӷониаԥҳа лымҩаду: Аҩӡба ахалахьырхәра иазкны
"Аԥҳәыс ишакәым зхы ныҟәызго, аҽада дақәыртәаны аҩныҟа ддырхынҳәуан, лхы рсон, ҳәарада, ахьырхәрақәа ыҟан. Лҭаацәа рҿы даннаргалак, ишылҭаху еиԥш ауаа рахь дцәырҵуамызт, аҩны дыҩнакны дыркын. Лыхьымӡӷ шьҭа лабраа ракәын издыз, аха дыршьуамызт. Иаалырҟьан, ауаҩы игәы шны ак ҟаимҵозар, ашьрақәа аԥҳәыс лганахь ала аԥсуа традициа иамамызт, дахьдырхәуан, аха даҽакала, аморалтә ҟазшьа иаҳа иаман. Иахьа амилаҭтә традициақәа аԥсыҽхара иалагеит, уи зыдҳәалоу аглобализациа ауп. Аҳәыҷқәа аҩны иштәоу адунеи аҿы иҟоу аинформациа зегьы, ибзиоугьы ицәгьоугьы роуеит. Убри иаҳа ирылаҽуеит, иаҳа еиӷьушәа рбоит. Амилаҭтә традициақәа рыԥсыҽхара атәым культура ҳадкылара иахҟьеит", — ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Ажәабжьқәа зегьы
0