Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьениа Лада Урыстәылатәи асахьаҭыхратә цәыргақәҵа иазкны: шьаҿоуп аидгыла алаларазы

© Sputnik / Томас ТхайцукВиталий Джения
Виталий Джения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есхәышықәса Лада Урыстәыла имҩаԥырго асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа сынтәа зхы алазырхәыз аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа уамак ирмықәҿиеит иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа.

"Хазлацәажәаша ҳамоуп": Џьениа Лада Урыстәылатәи асахьаҭыхратә цәыргақәҵа иазкны
"Еиҳарак аҿар, Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иалалар зҭаху, абри ацәыргақәҵа рхы аладмырхәӡакәа, уахь инарышьҭуам. Абра зхы аазырԥшыз азин рымоуп асахьаҭыхыҩцәа реидгылахь ашәҟәқәа ралаҵара. Иреиӷьу  аусумҭақәа Москваҟа иргоит, уаҟа асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы даналырхуа, Урыстәыла имҩаԥыргоз ацәыргақәҵақәа рҟынтәи иалырхыз аусмҭақәа рыла ацәыргақәҵа ду  ҟарҵоит. Ҳара ҳалахәуп Лада Урыстәыла еиҿыркаауа ацәыргақәҵа. Москватәи ацәыргақәҵа ду зусумҭақәа алашәаз дрыдыркылоит Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа реидгылахь. Сынтәа аусумҭақәа даара ирыцклаԥшуан. Уаанӡа ари ацәыргақәҵа зхы алазмырхәыц аҿарацәа дреиуоуп Владимир Аҩӡба. Иара иусумҭак алашәеит, егьырҭ ҳсахьаҭыхыҩцәа быжьҩык ыҟан, аха урҭ русумҭақәа рыдрымкылеит. Аҩӡба иусумҭа Москваҟа иақәымшәаӡеит, аха алшара имоуп ихы аарԥшразы. Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа реидгыла алалара ус имариам", — иҳәеит Џьениа.

Ажәабжьқәа зегьы
0