00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
31 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аӡбарҭатә зал аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп Адгур Корсантиа

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация у здания Абхазского гостелевидения в Сухуме
Ситуация у здания Абхазского гостелевидения в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл аҟны ашәахьа, 2016 шықәса жьҭаара 17 рзы аԥжәара ҟалеит. Убри аан дҭахеит аԥжәара аззырхиоз, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ, 1971 шықәса рзы ииз Сергеи Тарасенко. Аԥжәара аганахьала ашьаус хацыркын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Кодекс ахәҭаҷқәа ҩба инарықәыршәаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 –Sputnik. Бадраҟ Аҩӡба. Генри Гамсаниа хантәаҩыс дызмаз Аԥсны иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Адгәыр Корсантиа ддыриашеит. Иара ахара идҵан 2016 шықәса абҵара 5 рзы Жәлар реизара депутатс иҟаз Кан Кәарҷиа иҭархара аиҿкаара далахәын ҳәа.

Судебный молоток - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура Адгур Корсантиа 12 шықәса иқәҵазарц аҳәара ҟанаҵоит

Иара убри аан Адгур Корсантиа ахара идҵоуп Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа 2016 шықәса абҵара 5 рзы изакәанымкәа дахысит ҳәа. Убри инақәыршәаны хышықәсеи жәымзи аколониаҿ ихигарц ахарадҵа ирҭеит.

"Корсантиа ихарақәҵа ԥхьаӡатәуп 2016 шықәса жьҭаара 21 раахыс. Ари аамҭа иқәҵоу иахыхтәуп. Иашахаҭала Адгур Корсантиа иқәырҵаз ашықәс ихигахьеит азы аӡбарҭатә зал аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп", — иҳәеит Генри Гамсаниа.

Ахарадҵа акассациатә Коллегиаҿы иазашшызар ауеит 15 усура мшы рыҩныҵҟа.

Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл аҟны ашәахьа, 2016 шықәса жьҭаара 17 рзы аԥжәара ҟалеит. Убри аан дҭахеит аԥжәара аззырхиоз, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ, 1971 шықәса рзы ииз Сергеи Тарасенко.

АТ аҵакырадгьыл аҟны аҭыԥ змаз аԥжәара аганахьала ашьаус хацыркит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Кодекс ахәҭаҷқәа ҩба инарықәыршәаны. Аԥсны Апрокуратура хада дааннакылеит Адгәыр Корсантиа. Иара ахара идырҵан Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа иҭархара аиҿкаара далахәын ҳәа.

Кан Кәарҷиа Аԥсны жәлар реибашьра даветерануп. Ианашьоуп Леон иордени, Кәыдры агаразы "Агәымшәараз" амедали. Диит 1974 шықәса ԥхынгәы 1 азы.

Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент аҳәамҭа ҟанаҵеит Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа иганахьала атеррористтә акт амҩаԥгара аҽазышәара инадҳәаланы. Аԥсны Апарламент ақәыӡбеит абри атеррористтә акт, аҳәынҭқарратә система ашьақәҟьара иазырхан ҳәа иаԥхьаӡеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0