Еимсбери ахәышәтәырҭа иҭаз ахаҵа иҿахәы иҳәоит

© Sputnik / Justin Griffiths-Williams / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПолицейские у дома жертвы отравления нервно-паралитическим веществом Чарли Роули в Эймсбери
Полицейские у дома жертвы отравления нервно-паралитическим веществом Чарли Роули в Эймсбери - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еимсбери ахәышәтәырҭа иҭашәаз ҩыџьа ауаа рҟынтәи аӡәы, Дон Стерџьесс лыԥсҭазаара далҵит, егьи – Чарли Роули ихдырраҿы дааиит. Уажәы уи иҿахәы иҳәоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 25 — Sputnik. Еимсбери ахәышәтәырҭа иҭашәаз ҩыџьа ауаа рҟынтәи аӡәы, Дон Стерџьесс лыԥсҭазаара далҵит, егьи – Чарли Роули ихдырраҿы дааиит. Уажәы уи иҿахәы иҳәоит. Иара игәалашәом ишҳамыркыз амаҭәашьар зҭаз афлакон ахьибаз. Иара уи духьыз џьшьаны иҩыза-ԥҳәыс ҳамҭас илиҭеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости британиатәи ателеканал ITV адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Иара иажәақәа рыла, аԥҳәыс илиҭаз афлакон анаалырт ашьҭахь 15 минуҭ ааҵуаны лхы ҽеимкәа илбо далагеит.

" 15 минуҭ рышьҭахь Дон схы сыхьуа иалагеит лҳәеит. Нас аваннахь днеиит", — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Британиа атәылахьчара аминистр Гевин Уилиамсон Москва ахара ахареиҵеит иԥсыз аԥҳәыс анерв-паралитикатә шҳам лцәа алалара зыхҟьаз урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа роуп ҳәа.

Указатель окружной больницы Солсбери - Sputnik Аҧсны
Еимсбери ашҳам зцәа иалалаз ахаҵа ихдырраҿ дааит

2018 шықәса, ԥхынгәы 5 рзы Англиатәи аграфра Уилтшир аполициа Солсбери ақалақь ааигәара иҟоу Еимсбери аҟны ахәышәтәырҭахь инаган "ишьақәыргылам амаҭәашьар зныруа" ҩыџьа ауааԥсыра. РИА Новости адыррақәа рыла, асабша ахәылбыҽха аполициа адырра роуит аҩнқәа руак аҟны зыхдырра ыҟам ахаҵеи аԥҳәыси шырбаз азы.

"Аԥхьатәи агәаанагарала ахаҵеи аԥҳәыси ирныруаз агероин ма акокаин роуп ҳәа ишьан. Аха иҟаҵаз анализқәа рышьҭахь иахәаҭны иԥхьаӡан ашҳам ашьақәырӷәӷәара шаҭаху. Имҩаԥгаз аусурақәа рышьҭахь ишьақәҳаргылеит ахаҵеи аԥҳәыси уаанӡа Солсбери ақалақь аҿы ГРУ уаанӡатәи аполковник Сергеи Скрипали иԥҳа Иулиеи ирыҭаз ашҳам "Новичок" рцәа ишалоу", — ҳәа иҳәоит Скотланд-Иарда ахада Нил Басу.

Иара убри аан урҭ ари ашҳам рцәа ишалалаз атәы ҳәамызт.

Басу иажәақәа рыла, ашьақәыргылара аҭахны иԥхьаӡан Солсберии Еимсберии рыхҭысқәа аимадара рымоуи ирымами.

Аусҭҵаара напаларкит. Иара иадыԥхьалан 12 ҟәша ҷыда

Ажәабжьқәа зегьы
0